Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа - 2022

Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 12 рзы Аԥсны имҩаԥысит Жәлар Реизарахь алхрақәа. 35 депутаттә ҭыԥ рахь иқәгылан 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьтә 16-ҩык ҳәсан, 107-ҩык хацәан.
Хәажәкыра 12 асааҭ 8:00 - 20:00 рзы ареспублика зегьы аҿы аус руан 152 бжьыҭаратә ҭыԥқәа. АКХ адыррақәа рыла, иҟаз 35 алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы еилагарак арбамызт.
Хәажәкыра 13 рзы Аԥсны АКХ заанаҵтәи аихшьаалақәа ҟанаҵеит, атәыла зегьы аҿы абжьыҭара рхы аладырхәит 51,2 % ауааԥсыра. 17 алхратә ҭыԥқәа рҿы алхрақәа мҩаԥысит, 17 алхратә ҭыԥқәа рҿы аҩбатәи атур ҟалоит, Гәдоуҭатәи ақалақьтә алхырҭатә ҭыԥ №1 аҿы аиҭалхарқәа мҩаԥысуеит. Иалху зегьы хацәоуп. Ԥшьҩык аҳәса аҩбатәи атур ахь инеит.
Алхрақәа рымҩаԥысшьа иахылаԥшуан Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, ЛЖәР рхаҭарнакцәа. Дара алхрақәа реиҿкаашьа ахәшьара ҳарак арҭеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0