Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагратәи абальнеологиатә хәшәтәырҭа аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаартхоит

© Foto / Валентина ВерхотуроваГагрская бальнеолечебница
Гагрская бальнеолечебница  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2022
Анапаҵаҩра
Гагратәи абальнеологиатә хәшәтәырҭаҿы 1960-тәи ашықәс аахыс апроцедурақәа мҩаԥыргон ахәшәтәратә ҳәынҵәеи атыҩшаӡрии рыла. Иара аусура аанкылан 2010 шықәсазы.
АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагратәи абальнеологиатә хәшәтәырҭа аиҭашьақәыргылара ашьҭахь ҩаԥхьа аусура иалагоит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аусбарҭа аҳақьым хада Валентина Верхотурова.

"Гагратәи абальнеологиатә хәшәтәырҭа аиҭашьақәыргылареи шьаҭанкылатәи арҽеирақәеи рышьҭахь аусура иалагоит. Ара иҟоу атыҩшаӡри адунеи аҿы иреиӷьқәоу ҳәа ишьоуп", - лҳәеит лара.

Техникала ахәшәтәырҭа ахархәарахь ирыҭахоит хәажәкыра 15 азы. Аҟазауаа амедицинатә хархәагақәеи аӡы алеиратә системеи русушьа гәарҭоит.
Сынтәатәи аԥхынразы ара иазыԥхьагәаҭоуп 56 тыҩшаӡритә ванна раартра. Аԥхьа аусура иаладыргоит 19 ваннеи агидромассажтә ваннақәа ҩбеи. Аҳақьым хада агәра лгоит Урыстәыла амедусбарҭақәа рҿы џьаргьы ишыҟам ариаҟара ахәшәтәырҭатә ванна.
© Foto / Валентина ВерхотуроваГагрская бальнеолечебница
Гагрская бальнеолечебница - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2022
Гагрская бальнеолечебница
"Аиҭашьақәыргылара мҩаԥган Роспотребнадзор астандартқәа ирықәшәо. Иаахәоуп амыруга ҿыцқәа. Еиуеиԥшым аваннақәа аагоуп. Техникала аусура алагара мҩаԥгахоит анџьныр инапхгарала", - ҳәа еиҭалҳәоит Верхотурова.
Ахәшәтәырҭатә ваннақәа реиԥш иҟалоит Шарко ҳамам, аӡҭарчы, азҩыдатәратә ҳәынҵәа. Иара Аԥсныҟа иааргалоит Пиатигорск жә-километрак инацәыхараны иҟоу аӡиа Тамбукан аҟынтәи.
Верхотурова ишылҳәо ала ари аҳәынҵәа асертификациа иахыжьуп, аҭаҩратә шьақәырӷәӷәара амоуп.
Аҳақьым хада илҳәоит, гагратәи аӡыхәшәтәырҭа Маҵеста ишаҿдырԥшуа. Аха дара аиԥшымзаарақәа рымоуп. Гагра атыҩшаӡри адагьы аҵәҵәыратә ӡы ыҟоуп - амагни, акальци, асульфид, азот аилазаара иаланы.

"Аԥсны ари аҩыза атыҩшаҵхырҭа ахьыҟоу насыԥуп. Адунеи аҿы уаҳа џьаргьы иҟам". - ҳәа лҳәоит Верхотурова.

Ахәшәтәратә усмҩаԥгатәқәа алшоит абаҩ-жьышәатә, агәы-датә, анервтә, аӡкаҭәаратә, ацәа уҳәа абарҭ ауадаҩрақәа раан. Акьыбачымазара, аҷаҷачымазара, арҳәарахчымазара, агипотиреоз раан адкылара ҟалом.
Ахәшәтәра аметодика аҳақьым иаликаауеит аҭыԥ аҿы ма ачымазцәа ирыцу ашәҟәқәа рышьаҭала.
Осень в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2022
Аԥсны
Аԥсны агәабзиарачаԥаразы иалырхуа аԥсшьарҭа ҭыԥқәа хә-хырхарҭак ирыҵанакит
Аԥхьа аусура иалагоит 19 ванна, ҩыџьа аҳақьымцәа аус руеит. Ахәшәҭәырҭа зегьы аусура ианалагалак аусурҭа ҭыԥқәа роуеит 30-ҩык рҟынӡа абальнеологцәа, атерапевтцәа, афизиотерапевтцәа, агинекологцәа, аневрологцәа, аонкологцәа, УЗИ аҳақьымцәа, ахирургцәа, аколопроктологцәа, алабораториақәа русуҩцәа.
"Абальнеолог ма афизиотерапевт инапынҵада апроцедурақәа мҩаԥыргом. Аԥышәа змоу аусуцәа ҳрышьҭан. Ҳәарада аҭыԥантәиқәа рыдагьы анҭыҵынтә иадҳаԥхьало ҟалоит", - ҳәа лҳәеит Верхотурова.
Гагратәи абальнеологиатә хәшәтәырҭаҿы 1960-тәи ашықәс аахыс апроцедурақәа мҩаԥыргон ахәшәтәратә ҳәынҵәеи атыҩшаӡрии рыла. Иара аусура аанкылан 2010 шықәсазы.
Верхотурова илҳәеит ахәшәтәырҭа ахыбра аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шықәсык ишцоз. Аԥаразоужьра ҟаиҵеит хаҭалатәи аинвестор. Ахыбра официалла аартра арыцхә макьаназ иазгәаҭам.
Ажәабжьқәа зегьы
0