Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Баҭал Ҷежьиа Москва ареитингтә қәгылара мҩаԥигоит

© Foto / instagram/inal___lБатал Чежия
Батал Чежия - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2022
Анапаҵаҩра
Апрофессионалтә ринг аҿы Баҭал Ҷежьиа 14 қәгылара мҩаԥигеит. Жәаба рҿы аиааира игеит, ҩба рҿы еиҭахарыла ихиркәшеит, ҩынтә даҵахеит.
АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik. Аԥсуа спортсмен Баҭал Ҷежьиа иреитингтә қәгылара мҩаԥысуеит хәажәкыра 19 азы Москва, УСК "Крылья Советов" аҿы, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аҳәынҭеилакы.
Ҷежьиа диндаҭлоит Таџьикистантәи абоксиор Махмадражаб Шарипов (2-1-0). Аиндаҭлара ф-раундк рыла имҩаԥысуиет.
Ақәгылара ахәаԥшра ауеит ателеканал "Спортивный" аҟны.
Апрофессионалтә ринг аҿы Баҭал Ҷежьиа 14 қәгылара мҩаԥигеит. Жәаба рҿы аиааира игеит, ҩба рҿы еиҭахарыла ихиркәшеит, ҩынтә даҵахеит.
Аԥснытәи абоксиор Баҭал Ҷежьиа иахьазы иқәгыларақәа 12 рҟынтәи жәынтә иааирала ихиркәшахьеит, знык даҵахахьеит, ҩынтә еиҭахарала ихыркәшахеит. Ажурнал "Про Бокс" аверсиала ИАРи аславиан тәылақәеи дырчемпионуп. Урыстәыла ареитинг аҿы 13-тәи аҭыԥ никылоит, адунеитә аҿы– 208-тәи.
Ажәабжьқәа зегьы
0