Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Арда Ашәба Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабыс деиҭалхуп

© Sputnik АБИГИ
АБИГИ  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут еиҿкаан 1925 шықәсазы Аԥсуа бызшәеи алитературеи Академиа аҳасабала. Иара аусура абызшәа аҭҵаара, алитература, афольклор, аԥсуа жәлар рҭоурых аиқәырхара иазырхоуп.
АҞӘА, хәажәкыра 17 – Sputnik. Афилологиатә наукақәа ркандидат, Аԥсуа университет адоцент Арда Ашәба Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабыс деиҭалхуп ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс" амаҵзура.
Ашәба хәышықәса инапынҵақәа рыҿҳәара ахьынҵәаз инамаданы Аинститут аиҳабы иалхра мҩаԥысит.

Маӡалатәи абжьыҭара алҵшәақәа рыла, аилатәара иалахәыз Арда Ашәба изы рыбжьы ирҭеит 85-ҩык, уи иаҿагылеит жәҩык.

2015-2017 шықәсақәа рзы Арда Ашәба напхгара аиҭон ААУ афилологиатә факультет, 2017 шықәса жәабранмзазы Ашәба Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабыс далхын. Ирҵаҩратә усура дшаҿыц даҿуп, 2005 шықәса раахыс ААУ аԥсуа литература акафедраҟны аус иуеит.
Арда Ашуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2021
Аԥсуа ҵас ӡырызго, гәыла-дала иаԥсыуоу аҵарауаҩ: Арда Ашәба ииубилеи азы
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт еиҿкаан 1925 шықәсазы, Аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа ҳәа хьӡыс иаҭаны. 1930 шықәсазы аҵаразы Аԥсны жәлар ркомиссариат иаднакылеит ақәҵара Аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа ахьӡ ԥсахзарц аԥсуа бызшәеи алитературеи рзы Аԥсуаҭҵааратә институт ҳәа. Шықәсык ааҵхьаны, 1931 шықәса нанҳәамзазы ахьӡ рыԥсахит атәылаҿацәҭҵаара Аԥснытәи аҭҵаарадырратә институт ҳәа. Аинститут ахьӡ акырынтә аԥсахрақәа ақәшәахьан: 1935 ш. азы – Аԥсуа культура аинститут; 1939ш. азы – академик Марр ихьӡ зху аԥсуа бызшәеи аҭоурыхи рыҭҵааразы аинститут; 1950ш. азы – аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Ринститут; 1994ш. инаркны Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут.
Ажәабжьқәа зегьы
0