Наала Гәымԥҳа, Sputnik
Ҳҵас, ҳқьабз, ҳдоуҳа рахь аҿар разхьарԥшра иазааԥсо, акыршықәса афольклор аизгареи, анҵареи, аҭҵаареи амаҵ азызуа, афольклори алитературеи реинырра ҭызҵаауа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Арда Ашәба ииубилеи аҳаҭыразы ҳрыҿцәажәеит иара акыр шықәса аус ицызуа, аҩызареи аиашьареи ззиуа иҩызцәа, иеиҳабацәа аҵарауаа.
Академик, Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа Арда Ашәба дихцәажәо, иазгәеиҭеит уи иахьатәи ҳаамҭазы абжьаратә абиԥара иаҵанакуа инарылукааша аԥсуа ҵарауаа рыгәҭа дышгылоу.
"Арда Ашәба иԥсҭазаара ззикыз иалихыз изанааҭ афилологиа аҟноуп раԥхьаӡа ҵарауаҩк иаҳасабала иахьааирԥшыз иҟыбаҩ, ибаҩхатәра. Афилологиа, алитератураҭҵаареиԥш, афольклорҭҵаарагьы аҵанакуеит. Ажәлар рбызшәа, рдоуҳа, рынхашьа, рынҵышьа инарҭбаау аԥсуаҭҵаара анаука аҿиара зегьы иатәуп. Абас еиԥш иҟоу амҩаҟны Арда Ашәба азыҟаҵара ҳаракы иоуит Аԥсынгьы, уи анҭыҵгьы, адыга жәларқәа ҳашьцәа рыгәҭангьы. Иахьазы уи инарылукааша аԥсуа ҵарауаа афилологцәа ҟаимаҭқәа, ахатәрақәа дреиуоуп. Иаԥиҵахьеит хыԥхьаӡарала рацәала аусумҭақәа, аҭҵаамҭақәа. Урҭ ааидкыланы иҭыжьзар, сгәаанагарала, ҩба-хԥа том инаӡоит", - иҳәоит академик Мушьни Лашәриа.
Иара убасгьы иара ауаҩра аганахьалагьы Арда Ашәба дихцәажәеит.
"Хаҭала Ардеи сареи ҳаибадыруеижьҭеи акыр шықәса ҵуеит. Ирацәаны ҳаицныҟәахьеит, Аԥсынгьы Урыстәылагьы, уи анҭыҵгьы. Арда иуаҩра, инамыс, иаԥсуара, аҿаҩа дгьыл Ӷәада ԥшӡа иаҿигаз апату ақәҵашьа дақәшәеит. Хаҭала данудыруа, уаниҿцәажәо ауп уи дзыԥсаҵәҟьоу анеилукаауа. Иахьа ииубилеи азгәеиҭоит сҩыза қәыԥш, сеиҵбы, пату ду зқәысҵо Арда Ашәба. Гәык-ԥсыкала идысныҳәалоит. Ҳизгәдууп иҩызцәа, иколлективуаа зегьы. Бзиа иаҳбо Арда, уаԥхьаҟа иҵегьы аихьӡарақәа узеиӷьасшьоит, агәабзиара ду ацны", - ҳәа адныҳәаларақәа ҟаиҵеит Мушьни Лашәриа.
Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Лили Ҳагԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит раԥхьатәи реибадырра шыҟалаз, насгьы нхыҵи-аахыҵи Арда Ашәба пату шиқәырҵо атәы.
"Арда Ашәба сара дыздыруеит иқәра азбжак аахыс. Раԥхьа ҳахьеибадырыз Аԥсуаҭҵааратә институт аҿоуп, афольклор аҟәшаҟны, 1996 шықәсазы лаборантк иаҳасабала данрыдыркыла. Уи аахыс ҳаиҩызареи ҳусеицуреи еихаҳауа ҳаауеит", - ҳәа раԥхьатәи реибадырра лгәалалыршәоит
1999 инаркны 2002 шықәсанӡа аспирантура дахьахысуаз Адыгеиатәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иҟазшьеи иуаҩреи ирыбзоураны аҳаҭыр ду иқәын, пату иқәырҵон иҩызцәа реиԥш, иеиҳабацәагьы лҳәоит Ҳагԥҳа.
Ашәба: ҳмилаҭ ҷыдарақәа хшыҩзышьҭра аҭатәуп адгьыл аҭира ҳаналацәажәо
"Ҷыдала ҳҭаацәа еиҳа даҳзааигәахеит Адыгеиатәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аспирантура данҭаз ашықәсқәа раан. Усҟан Аԥсныҟа данаалоз аамҭақәа ирылагӡаны аҩны дааилон, сыԥшәма абызшәаҭҵааҩы Анатоли Хьециеи иареи сааҭла еицәажәон. Арда ҳара ҳахь данымҩахыҵуаз, уамакала иеигәырӷьон ҳхәыҷқәа. Убас ихаауп иҿабызшәа, ауаҩы дизааигәоуп цәгьала. Маиҟәаԥ дахьынӡаҟаз изныкымкәан аҭҵаарадырратә конференциақәа рахь ҳаиццахьан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала иааны иҳацеибашьны иҭахаз ирызкны аматериал еизызгон. Уи аҵыхәала уахь акырынтә сцахьан. Ажәахә ҟасҵозма, џьоукы срыҿцәажәозма, ҭынха дук иаҳасабала Арда еснагь илаԥш сыгижьӡомызт. Убасҟан игәасҭеит дахьыҟаз шаҟа ҳаҭыр-пату иқәыз. Даара сгәы шьҭнахуан аԥсуа ҷкәын убра иаҳзааигәаз ажәлар рыгәҭаны иашьак иеиԥш иахьизыҟаз", - ҳәа еиҭалҳәоит Лили Риза-иԥҳа.
Арда Ашәба еснагь иааигәа иҟоу, аус ицызуа роума, истудентцәа роума, еилых ҟамҵакәан зегьы гәаартыла дырзыҟоуп. Иҟазшьа хадақәа ируакуп ииашареи ауаҩ иахь имоу араҳаҭреи аилкаареи:
"Ауаҩы иижәша аӡыхь ахы ыҵнамхыцт" - ауаҩы иқәра шдуум азгәаҭаразы ҳажәлар иаԥырҵеит абри аҳәамҭа, аха абра иацҵатәуп даҽакы. Ас ажәлар иззырҳәоз иаԥхьаҟа акыр даԥсахоит ҳәа ргәыӷрақәа здырҳәалоз арԥыс иакәын. Арда уаницу аӷба уҭа иаҩызоуп. Акырџьара ҳаицныҟәарақәа уи ус шакәу шьақәдырӷәӷәахьеит. Ирацәаны аекспедициақәа рахь ҳаиццалон. Исгәалашәоит, аҵарауаҩ, афольклорҭҵааҩ Римма Ҳашԥҳаи сареи иаб игәараҭа Ӷәада акырынтә ҳаангылахьан", - ҳәа илгәалалыршәоит Ҳагԥҳа.
Иара убас лара ҷыдала иазгәалҭеит Арда Ашәба иҟазшьа аҷыдарақәа иреиуоу ҳәа иалылкаауа акы.
"Иара иидыруа ашьақәырӷәӷәаразгьы, иизымдыруа аилкааразгьы дзыҿцәажәо ауаҩы дҳаракны, иара ихы аӡыргара дашьҭамлакәа ахымҩаԥгара иҟазшьа аҷыдарақәа иреиуоуп", - ҳәа лҳәоит апрофессор Лили Ҳагԥҳа.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ашәба самырзаҟантәи аԥсуаа рыжәлақәа рырхынҳәра иазкны
Аус ицызуа, акыршықәса ҩызара изызуа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет адекан Баҭал Хагәышь иазгәеиҭоит Арда Ашәба аҩызара еиҳау аиашьара ныҟәызго, заԥсуара заԥхьа игылоу апатриот ду шиакәу атәы:
"Арда Енвер-иԥа Ашәба гәыла-дала, ҟазшьала иаԥсыуоу, заԥсуара заԥхьа игылоу уаҩуп. Зыԥсҭазаара зегьы аҿар рааӡара иадҳәалоу, есымша амҩа иаша иқәызҵо, ирыцхраауа, ирывагыло, аҵас бзиақәа рылазааӡо, аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа ҭызҵаауа, иарбан усзаалак ҭахԥхықәрала иазнеиуа, зиашареи зыцқьареи зхаҿы ианубаало ауаҩы. Аҩызара инаваргыланы аиашьарагьы ныҟәызго. Арда иашьак иаҳасабала идысныҳәалоит ииубилеи. Изеиӷьасшьоит кавказаа ргәабзиара, Нарҭаа ргәамч, Сасрыҟәа ичҳара", - ҳәа Арда Ашәба дихцәажәо, азеиӷьашьарақәа идикылеит Баҭал Хагәышь.
Ашәба Арда Енвер-иԥа диит лаҵарамза 4 1971 шықәсазы, Очамчыра араион Ӷәада ақыҭан. 1987 шықәсазы далгеит Ӷәадатәи абжьаратә школ, иара уи ашықәсазы дҭалеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи рзанааҭ ала. Иҵара хиркәшоит 1996 шықәсазы. 1989-1991 шықәсқәа раан Асовет Еидгыла арра-мшынтә флот аҟны аррамаҵура дахысуан.
1996 шықәсазы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵаартә институт аҟны аусура дрыдыркылеит лаборантк иаҳасабала. 1999 инаркны 2002 шықәсанӡа аспирантура дахысуан Адыгеиатәи аҳәынҭқарратә университет аҟны.
Арда Енвер-иԥа Ашәба 2005 шықәсазы ихьчеит акандидаттә диссертациа "Фольклор как художественно-структурный фактор формирования и эволюции абхазской прозы" атемала. 2003 шықәсазы Аԥсуа бызшәа аҿиара Аҳәынҭқарратә фонд аредактор хадас аус иуан. 2003 шықәса инаркны 2005 шықәсанӡа Аԥсуа бызшәа аҿиара Аҳәынҭқарратә фонд еиҳабыс даман. 2005 шықәса инаркны 2007 шықәсанӡа ажурнал "Аҟазара" аҟәша еиҳабыс аус иуан. 2005-2014 шш. раан агазеҭ "Иқьырсиану Аԥсны" аԥсуа хәҭа аредакторс даман.
2005 шықәса инаркны ААУ афилологиатә факультет аԥсуа литература акафедраҟны рҵаҩыс аус иуан. 2009 шықәса рзы акафедра арҵаҩы еиҳабыс дҟалеит, анаҩс, 2011 шықәса раахыс Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет дадоцентуп. 2011 шықәса инаркны 2015 шықәсанӡа Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 2011 шықәса инаркны 2012 шықәсанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 2015 шықәса инаркны 2017 шықәсанӡа ААУ афилологиатә факультет адеканс дыҟан. 2017 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт адиректорс дамоуп.
Арда Ашәба 2019 шықәса раахыс хантәаҩыс дамоуп Таиф Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа.
Ашәба еиҭеиҳәеит Франциеи Аԥсни ринститутқәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра зызку
Арда Ашәба дравторуп имаҷымкәа аҭҵаарадырратә усумҭақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп амонографиақәа "Фольклор как художественно-структурный фактор формирования и эволюции абхазской прозы", "Эпоха и художественный мир личности", иара убас афольклор, аетнологиа, алитератураҭҵаара, уҳәа ахырхарҭақәа рыла аҭҵаарадырратә статиақәа жәпакы. Есышықәса дықәгылоит Аԥснеиԥш, анҭыҵгьы имҩаԥысуа аҭҵаарадырратә конференциақәа рҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ашәба Аԥсуа бызшәеи алитературеи ракадемиа иазкны
-
Ашәба раԥхьатәи аԥсуа нбаншәҟәы азы: аҩыра змоу ажәлар доуҳала ибеиоуп
-
Ашәба анаука-практикатә форум азы: ҳкультура шаҟа иҵауло абаразы акырӡа аҵанакуеит
-
Ашәба: ахныҟәгаратә маҷ аасҭа еиҵаны ауалафахәы роуеит аҵарауаа аӡәырҩы