Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Аҵара аминистрреи Урыстәыла Аҵара академиеи аҿиаратә план рнапы аҵарҩит

© Foto / АПСНЫПРЕСС Министр просвещения и языковой политики Абхазии и Российской Академией образования подписан план развития сотрудничества между ведомствами
Министр просвещения и языковой политики Абхазии и Российской Академией образования подписан план развития сотрудничества между ведомствами - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа "Урыстәылатәи аклассикатә университет аҿы арҵаҩцәа рҵара" I Урыстәылазегьтәи афорум далахәуп.
АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik. Аԥсны Аҵара аминистрреи Урыстәыла Аҵара Академиеи аҵаратә усҳәарҭақәа рыбжьара 2022-2024 шықәсатәи аҿиаратә уснагӡа рнапы аҵариҩит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа "Урыстәылатәи аклассикатә университет аҿы арҵаҩцәа рҵара" I Урыстәылазегьтәи афорум далахәуп. Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны нап аҵаҩуп адокумент.
Афорум хықәкыс иамоуп Урыстәылеи ИАР атәылақәеи рҿы арҵаҩцәа рҵара аҿиара ахырхарҭақәа рылацәажәара.
"Урыстәылатәи аклассикатә университет аҿы арҵаҩцәа рҵара" I Урыстәылазегьтәи афорум мҩаԥысуеит 2022 шықәса хәажәкыра 17 - 18 рзы Урыстәыла Аҵара академиаҿ.
Ажәабжьқәа зегьы
0