Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа "Ахьӡ-Аԥша" аорден ранеишьеит COVID-19 аламырҵәара иазааԥсо аҳақьымцәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2022
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 17 рызтәи аҭагылазаашьала, Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 53 050-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 48 163-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 669-ҩык.
АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ранашьазарц ааҩык аҳақьымцәа, акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы рџьабаази апрофессионализм ҳараки ахьаадырԥшыз ази. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аорден ранашьоуп:
Индира Арсалиа – Гагра араионтә хәшәтәырҭа хада аҳақьым хада,
Асҭамыр Гәниа – Аҟәа ақалақьтә инфекциатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада и.н.,
Лали Гаргәылиа – Тҟәарчал араионтә хәшәтәырҭа хада аҳақьым хада,
Дамеи Занҭариа - аҳақьым анестезиолог-ареаниматолог, Аҟәа ақалақьтә инфекциатә хәшәтәырҭа ареанимациатә ҟәша аиҳабы и.н.,
Мадонна Кьышьмариа – Очамчыра араионтә хәшәтәырҭа хада аҳақьым хада,
Анри Ҟаитан – Гәдоуҭа араионтә хәшәтәырҭа хада аинфекциатә ҟәша аиҳабы и.н.,
Алиса Матуа – Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аексперименталтә патологиеи атерапиеи рыҭҵаарадырратә институт аҭҵаарадырратә ус азы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, аиммунологиеи авирусологиеи рыҭҵаарадырратә лабораториа аиҳабы,
Ельвира Царгәыш – Гәдоуҭа араионтә хәшәтәырҭа хада атерапиа ҟәша аиҳабы и.н.
2020 шықәса хәажәкырамза инаркны 2021 шықәса ԥхынҷкәын 30 рҟынӡа акоронавирус аламырҵәара аус иақәхарџьын 776 миллион мааҭ. Иахьа уажәраанӡа уи аус иаҿу аҳақьымцәа руалафахәы иацҵаны аԥара рзыршәоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0