Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҟрым Урыстәыла иадлеижьҭеи 8 шықәса ахыҵра иазкыз амш азгәарҭеит Аҟәа

© Sputnik / Марианна Кубрава Концерт в честь восьмилетия принятия Крыма в состав России состоялся в Абхазии
Концерт в честь восьмилетия принятия Крыма в состав России состоялся в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2022
Анапаҵаҩра
Хәажәкырамза 2014 шықәсазы Ҟрым Урыстәыла иарегионуп ҳәа рылаҳәан Киев амч ахыхра ашьҭахь имҩаԥгаз ареферендум иалҵшәаны.
АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Ҟрыми Севастополи Урыстәыла иадлеижьҭеи 8 шықәса аҵреи Урыстәыла Украина имҩаԥнаго иҷыдоу арратә аоперациа адгылареи ирызкыз аныҳәатә концерт мҩаԥысит Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҟны хәажәкыра 18 рзы.
Аныҳәатә концерт иаҭааз асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа иазгәеиҭеит, Ҟрым Урыстәыла адлара еиҭахгьы ишышьақәнырӷәӷәаз Урыстәыла Афедерациа амчи алшареи.
"Зегьы ирдыруеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Қырҭтәыла аганахьала иахнагахьоу арыцҳарақәа. Ҳара ибзиаӡаны еилаҳкаауеит уԥсадгьыли убызшәеи ануҿырхуа иацу ахьааи агәырҩеи. 2014 шықәсазы Ҟрым Урыстәыла адларазы иҟаҵаз ашьаҿа ишьақәнарӷәӷәеит аиашара, Урыстәылатәи Афедерациа ахатәы ҟәырҷаха аҭыԥ ахь иаргьежьит", - ҳәа иҳәеит иара иқәгылараҟны.
Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-анацҳаҩ Максим Литвинов инаҵшьны иазгәеиҭеит 2014 шықәсазы Ҟрым архынҳәразы иҟаҵаз ашьаҿа ишаанырԥшыз аҭоурыхтә ҵабырг, уи Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра аназхарҵа Аԥсны ажәлар ишеигәырӷьаз еиԥшҵәҟьа Ҟрым иқәынхо ажәлар зегьы гәырӷьаҿҳәашаны ишрыдыркылаз атәы.
Акция в поддержку действий России по обеспечению мира и порядка в Донецкой и Луганской народных республиках - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2022
Аԥсны
Аҭынчреи аиашареи рзы: Урыстәыла адгыларазы Аԥсны имҩаԥысыз акциа
"1954 шықәсазы закәандарыла даҽа ҳәынҭқаррак иадырҵеит Ҟрым, аха аҵабырг шьақәырӷәӷәахеит. 2014 шықәсазы ҳҭоурыхтә дгьыл архынҳәра ҳалшеит закәанла имҩаԥгаз ареферендум иалҵшәаны", - ҳәа азгәеиҭеит Литвинов.
Аконцерт иалахәын жәлар рансамбльқәеи аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәеи: Артур Лакрба, Сати Какәбааԥҳа, Мана, Ҭемыр Ҭаниа, Гоча Ԥачлиа. Ҷыдала ааԥхьара рыҭан Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Ольга Кормухинеи уи лыԥшәма арок-музыкант Алексеи Белови. Асасцәа гәахәарыла ирыдыркылеит Аԥсны аҭаара, аԥсуа жәлар рыбла ахыԥшылара.
"Даара игәхьаазгон Аԥсынтәыла. Иахьа асценаҟны аԥсуа жәлар сахьрыцшәаҳәо сгәы еизҳауеит. Еиҭахгьы агәра згеит аԥсуаа рысасдкылара, ргәыҭбаара, рҵас, рқьабз, ргәыӷәӷәара. Ҳара ҳаидызкало аиашара ауп, аиашара аныҟала - ҳдунеи еиқәхоит", - ҳәа азгәалҭеит лара.
Аконцерт еиҿнакааит Аҟәа ақалақь ахадара.
2014 шықәса хәажәкырамзазы Ҟрым Урыстәыла иарегионуп ҳәа рылаҳәан Киев амч ахыхра ашьҭахь имҩаԥгаз ареферендум аҟны 96,77% ҟрымааи 95,6% севастопольааи рҭахра иалҵшәаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0