Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Шамба Ҟрыми Урыстәылеи реидылара ҭоурыхтә шьаҿоуп ҳәа ахиҳәааит

© Sputnik / Константин Чалабов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода России. Ялта
Города России. Ялта - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2022
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 18, 2014 шықәсазы Урыстәыла ахада Владимир Путин, Ҟрым анапхгара, Севастополь ахада Ареспублика Ҟрыми Севастополи Урыстәыла ишалало азы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
АҞӘА, хәажәкыра 18 – Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба Ҟрыми Урыстәылеи реидылара ҭоурыхтә шьаҿоуп ҳәа ахиҳәааит арадио Sputnik аинтервиу анеиҭоз.

"2014 шықәса хәажәкырамзазы ажәлар рҭахра нагӡан. Ҟрым имҩаԥысыз ареферендум аҿы Ареспублика Ҟрым Украина иалҵны Урыстәыла иадларц рыбжьы рҭиит. Ари аҭоурых шьаҿа ҭынчрала, жәлар референдум мҩаԥганы имҩаԥысит", – иҳәеит иара.

Ари ашьҭахь мраҭашәаратәи атәылақәа ҩ-ҿык змоу рстандартқәа Урыстәыла ахара адырҵеит, ажәлар рҭахра иазхьамԥшӡакәа.
"Убри аан иазхаҵан Ареспублика Косово, еибашьрыла Сербиа иаҿыҵыз. Уи ахьыԥшымра азхарҵеит НАТО атәылақәа. Ара шьакаҭәарада ажәлар ирҭахыз алырхит", - иҳәеит Сергеи Шамба.
Подписание соглашений между Абхазией и Республикой Крым - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2021
Аԥсни Ҟрыми аусеицуразы хышықәсатәи апрограмма рнапы аҵарҩит
Аԥсны Урыстәылеи Ҟрыми реидылара иадгылоит иара ахаҭа агәаҟрақәа рымҩа иахысхьеит азы ҳәа иҳәеит Шамба.

"Ҳара абџьар кны ҳреспублика ахьыԥшымра еиқәҳархеит. Ибзианы иаадыруеит уи закәу. Убриазоуп ари ахҭыс иахьа Аҟәа изазгәарҭо", - иҳәеит иара.

Хәажәкыра 18 рзы Ареспублика Ҟрым иазгәарҭоит Ҟрыми Урыстәылеи реидылара аныҳәамш.
Хәажәкыра 18 рзы Ареспублика Ҟрым аҿы официалтә ныҳәоуп, Ҟрыми Урыстәылеи реидылара амш ҳәа иусуратә мшымкәа ишьоуп.
Хәажәкыра 18 Севастополь Урыстәыла азыхынҳәра Амш ҳәа иршьоит, иусуратә мшымкәа иазгәарҭоит.
2014 шықәса хәажәкыра 16 азы Ҟрыми Севастополи Урыстәыла иарегионуп ҳәа рылаҳәан. Киев амч ахыхра ашьҭахь имҩаԥгаз ареферендум аҟны 96,77% ҟрымааи 95,6% севастопольааи рҭахра иалҵшәаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0