Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҿар Рпарламент апроект цәырыргеит Аҟәа

© SputnikПроект молодежного Парламента Абхазии представили в Сухуме
Проект молодежного Парламента Абхазии представили в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2022
Анапаҵаҩра
Аҿар Рпарламент ахықәкы хадақәа ируакуп Аԥсны Жәлар Реизара аҿар рзинқәеи рзакәантә ҭахрақәеи закәанла рҭышәныртәалара аусураҟны ацхраара.
АҞӘА, хәажәкыра 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Жәлар Реизараҿы иҟало Аҿар Рпарламент апроект цәырыргеит Аҟәа ахәаша хәажәкыра 18 рзы.
Еизаз рҿаԥхьа дықәгылеит апроект аԥызҵаз Илиа Чехьериа, иара иазгәеиҭеит ҳтәыла ауааԥсыра реидгылара ҳҳәынҭқарра ашьақәырӷәӷәаразы аҵак ду шамоу, ари аус аҟны аҿаргьы рлагала ҟарҵароуп ҳәа.

"Ҳара, аҿар, аԥсҭазаара абзиарахь икылҳгар, еиӷьаҳтәыр ҳҭахуп, акы ҳахәар ҳҭахуп. Ҳхатә ҭыԥ ҳаԥшаар ҳҭахуп, иара хымԥада иҟоуп", - иҳәеит иара.

Чехьериа иазгәеиҭеит ари апроект иҿыцу ак шакәым, адунеи аҟны уи аҩызцәа ахархәара шрымоу. Иара убасгьы иара инаҵишьит Аԥсны Аҿар Рпарламент апроект ауаажәлар иҟарҵо абжьгарақәа инарықәыршәаны иԥсаххар шалшо.
"Ари апроект ак агымкәан иҟам, аха ара итәоугьы, арахь изымааизгьы рхы ааилаҵаны, ҳҳәынҭқарразы акрызҵазкуа апроект, аҿар рзы ихәарҭаху апроект аԥырҵар сҭахуп", - иҳәеит уи ашьаҭаркҩы.
Апроект ахықәкқәа иреиуоуп аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩцәа реиҵааӡара, Аԥсны Жәлар Реизара аҿар рзинқәеи рзакәантә ҭахрақәеи закәанла рҭышәныртәалара аусураҟны ацхраара, аҿар политикатә культуреи азинтә ҟәыӷара рылааӡара, аидгылареи аграждантә активреи раарԥшраҟны ацхыраара.
Ажәабжьқәа зегьы
0