Ақәра ду, ақәра ԥшӡа злахьынҵахаз: Хьацҳа инхо хҩык абыргцәа рҭоурых
Анапаҵаҩра
Гал араион Хьацҳа ақыҭан иахьа инхоит шәышықәса инархыҳәҳәо ақәранҵыра ду змоу, аԥсҭазаара ганрацәала иззатхьоу, уи иацу агәырӷьареи, агәырҩеи меижьарада издыруа ԥшьҩык аҳәса быргцәа.
Ҩынҩықәра амҩа еицану, адунеи даҽа блакала иахәаԥшуа, аџьабааи абзабааи рҵакы нагӡаны издыруа, ақәранҵыра инаҷыданы зыхшыҩ цҳафыруа Хьацҳа ақыҭан инхо хҩык аҳәса быргцәа ҳарҭааны ҳрыҿцәажәаразы алшара ҳаман.
Гал араион иаҵанакуа ақыҭа Хьацҳа қыҭа дууп ҳәа иԥхьаӡоуп. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡа инхон 1500-ҩык инарзынаԥшуа ауаа, уажәазы 900-ҩык. Ақыҭанхаҩцәа зегь реиԥш, араатәи анхацәагьы адгьыл иқәаарыхуеит, арахә рааӡоит, ахш-хырҵә, ауҭраҭых уҳәа аџьармыкьаҟны иганы ирҭиуеит.
Ашьыжь ҳредакциа аҟынтәи амҩа ҳақәлеит. Ҳаԥхьаҟа амҩа хара шҳазԥшызгьы, ҳгәалаҟазаара бзиан. Хәажәкырамза ахы унардырратә иҟан, ҳаззыԥшымыз ааԥынтәи асы аура иалагеит, аԥша хьшәашәа асуан, аха ԥхьаҟатәи абыргцәеи ҳареи ҳаиԥылара аамҭа ҳгәаҵа арԥхон.
Афырԥҳәызба Лесиа
Раԥхьа ҳалҭааит 106 шықәса зхыҵуа, Хьацҳа ақыҭан инхо Лесиа Колбаиа. Аҩны ҳаныныҩнала, амца ԥхара лҽаҭаны дтәан аԥхәыс бырг. Лықәра дуи лҭеиҭԥши зынӡа иузеидымкыло, ҳаԥхьа даацәырҵит шәагаала ихәыҷыз, зхы-зҿы зхаччоз аԥҳәыс бырг. Уимоу, дааҳхаҵгыларгьы цәгьа илымбеит, аха лықәра рацәа ахы лнардырын, дааҿанаҳәеит. Ҳамҩашьо иаҳбарҭан ҳнеира шаҟа гәахәарыла илыдылкылаз.
Шәгәабзиара шԥаҟоу ҳәа ҳанлазҵаа, "Анцәа имчала сааиуеит", - ҳәа аҭак ҳалҭеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук 106 шықәса зхыҵуа Лесиа Колбаиа
106 шықәса зхыҵуа Лесиа Колбаиа
© Sputnik / Томас Тхайцук
Лесиа ҩыџьа аишьцәа драҳәшьазаҵәын. Рани раби рыԥхеит ишыхәыҷӡаз, аха алахьынҵа цәгьа ирзыҟалаз рҽарымҭеит, ирылшоз ала рхы ныҟәыргон, аџьабаа рбон. Лесиа данмаҷыз инаркны аколнхара амаҵ азылуан.
"Уахгьы-ҽынгьы аколнхараҟны аус ҳуан, аҭаҭын ааҳрыхуан, аҟанҷ ҳааӡон. 200-300 кьыла инарзынаԥшуа ачаи ҽнак ихысхуан. Аԥсшьара аамҭа ҳамамызт, аамҭа цәгьан, излауала ҳхы ныҟәаҳгон. Сгәы иалоуп усҟантәи ҳџьабаа иахьа ахә маҷны иахьшьоу", - ҳәа лҳәоит лара.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ианалага, Лесиа лашьцәа рҩыџьагь цоит еибашьра. Руаӡәк иԥсы ҭаны дхынҳәуеит, аӡәы хабарда дыбжьаӡуеит. Лашьцәа рыӡбахә анылҳәоз, лыбла кҷырақәа алабжыш нырхыҳәҳәылт, агәалашәарақәа дрымҽхаркызар акәхап, аамҭаказы ҿымҭ дтәан.
Ус аҿымҭра ааилаганы, лнысымҩа аиҭаҳәара дналагеит. Лесиа аҭаацәара далалеит 22 шықәса анылхыҵуаз, лыԥшәма Серго иаҵкьыс 5 шықәса деиҳабын лара. Иаԥырҵеит аҭаацәара ду, ирааӡеит аа-ҩык ахшара: ԥшьҩык аԥҳацәеи ԥшьҩык арԥарцәеи. Лыԥшәма унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз нхаҩын. Иара длыԥхеит жәшықәса раԥхьа, уи ифотосахьа аҭӡаҟны ихшьын.
Лхатәы ԥсҭазаара азбахә ала азҵаарақәа лаҳҭо ҳаналага, аԥҳәыс бырг даамаԥхашьеит, аха лхы-лҿы илхаччоз зегьы ҳаилнаркааит. Лыԥшәмеи лареи анқәыԥшызтәи рфотосахьа кны дахәаԥшуа дтәан акраамҭа, ус иаалгәыдылҳәҳәалан, днагәӡит. Лыбла гәыҭбаақәа ирхубаалон акыршықәса лгәаҵа иҭаҵәахны, еиқәырханы иаагоу абзиабара цқьа акәицқәа иахьа уажәраанӡа ишҿымцәаац.
© Sputnik / Томас Тхайцук 106 шықәса зхыҵуа Лесиа Колбаиа
106 шықәса зхыҵуа Лесиа Колбаиа
© Sputnik / Томас Тхайцук
"Ари афотосахьа анҭаҳхуаз ҳаибамгацызт, шаҟа шықәса ҵхьоузеи уи аахыс …" - ҳәа лыгәҭахәыцрақәа ааҳацеиҩылшеит Лесиа.
"Афырԥҳәыс ҳәа ззуҳәаша лакәын ианлаамҭаз, исгәалашәоит ҽнак рыҩныҟа ҳамҩахыҵит, лыԥшәма аҩны дыҟамызт, аха "сара ара сыҟами" ҳәа дааҳԥылеит, аныҳәаҿақәа рышьҭыхра дазҟазан, асасцәа "хаҵаҵас" имҩаԥылгеит", - ҳәа иҳәоит ҳаиҿцәажәара иалахәыз агәыла.
Даара угәы даахәартә дыҟан аԥҳәыс бырг Лесиа. Ҳҭыхратә гәыԥ лгәы ҳақәшәеит, аҭыхыҩцәа дырзыӡырҩны лфотосахьақәа ҭылхуан.
© Sputnik / Томас Тхайцук 106 шықәса зхыҵуа Лесиа Колбаиеи Sputnik акорреспондент Наала Гәымԥҳаи
106 шықәса зхыҵуа Лесиа Колбаиеи Sputnik акорреспондент Наала Гәымԥҳаи
© Sputnik / Томас Тхайцук
Адәахьыҟа иауан асы, аԥҳәыс бырг лгәалашәарақәа ҳацеиҩылшон, аха ҳаԥхьаҟа ҳамҩа иацаҳҵар акәын. Аҽеидкылара ҳанналага, аишәа архиара иаҿыз лҭаца илабжьылгеит ачеиџьыка агьама мбакәан ҳармышьҭырц. Шәышықәса ирҭысхьоу аԥҳәыс бырг аҵәца аашьҭыхны дҳақәныҳәеит, иаҳзеиӷьалшьеит агәабзиара ду, лара инылҵахьоу еиҳау ашықәснҵыра наҳҵырц Анцәа диҳәеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук 106 шықәса зхыҵуа Лесиа Колбаиа
106 шықәса зхыҵуа Лесиа Колбаиа
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аџьабаа иаӡрыжәхьоу аԥҳәыс бырг
Анаҩс ҳамҩа хан 104 шықәса зхыҵуа Наргиза Гәылордаа лахь. Лара лгәабзиара дахашшаауа дыҟам, акызаҵәык - лшьапқәа ишылҭаху днарга-ааргом. Ҳаныныҩнала, лыҩлабак лыцырхрааны даҳхаҵгылеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук 104 шықәса зхыҵуа Наргиза Гәылордаа
104 шықәса зхыҵуа Наргиза Гәылордаа
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аколнхараҟны имаҷымкәан ианлаамҭаз аус луит Наргиза, уажәы ианылгәалалыршәо акыр даргәамҵуеит, рацәакгьы уи аамҭа азхьаԥшра лҭахым.
"Иҟаҳҵоз аус пату ақәӡамызт, иҳарҳауаз ауалафахәы атәымуаа рџьабахь ицон", - ҳәа лҳәоит лгәы иаланы абырг.
Наргиза илҭахын лаԥхьаҟа дҳақьымхарц, аха дшыхәыҷӡаз лани лаби лыԥхеит, аҵараиурҭа дҭалартә еиԥш адгылара лмоуит. Аха лгәы калмыжьит, аԥсҭазаара илнаҭаз алахьынҵа дацныҟәо лҿыналхеит.
16 шықәса анылхыҵуаз аҭаацәара далалеит. Лыԥсҭазаараҟны арыцҳарақәа дрыниахьеит, илзааигәаӡаз ауаа лцәыӡит. Иахьа лажәра лыцеиҩыршоит лыҷкәын, лмаҭа, уи иԥшәмаԥҳәыс Ҭамуна.
"Сгәы ӷәӷәоуп ас еиԥш аҭаца дахьсымоу, лара лакәмызҭгьы, иҟасҵара сыздыруамызт", - ҳәа лхылҳәаауеит лҭаца гәыблыла.
© Sputnik / Томас Тхайцук
104 шықәса зхыҵуа Наргиза Гәылордаа
1/2
© Sputnik / Томас Тхайцук
104 шықәса зхыҵуа Наргиза Гәылордаа
© Sputnik / Томас Тхайцук
104 шықәса зхыҵуа Наргиза Гәылордаа
2/2
© Sputnik / Томас Тхайцук
104 шықәса зхыҵуа Наргиза Гәылордаа
1/2
© Sputnik / Томас Тхайцук
104 шықәса зхыҵуа Наргиза Гәылордаа
2/2
© Sputnik / Томас Тхайцук
104 шықәса зхыҵуа Наргиза Гәылордаа
Иааиуа ажьырныҳәамзазы Наргиза иазгәалҭоит аиубилеи, илхыҵуеит 105 шықәса. Акызаҵәык лара дзыҳәо - ахаан адунеи аҟны аибашьра ҟамларц, насгьы лџьабаа илбахьоу ахә шьаны лтәанчахәы иацырҵарц.
Аԥҳәыс еицамк Наҭелла
Ҳныҟәара иацҵо, ҳалҭааит Наҭелла Арџьаваниӡе, лара 104 шықәса лхыҵуеит. Уи Лесиа Колбаиа лаҳәшьаԥҳа лоуп. Наҭелла аашықәса анылхыҵуаз лаб Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан дҭахеит. Лан лхала ԥшьҩык ахәыҷқәа рааӡара лықәшәеит. Ларгьы уи длывагыланы илылшоз зегь ҟалҵон, аколнхараҟны ачаи хылхуан, ирыдыз аплан нарыгӡар акәын, мамзар аҩныҟа ирышьҭуамызт.
"Аибашьра алагаанӡа ирацәаӡаны аҳаҭыртә бӷьыцқәа, амедалқәа санаршьахьан, аха аибашьра ашьҭахь урҭ зегьы ыӡит, абжакы сцәырӷьычит", - ҳәа лҳәоит лара, лгәы иаланы.
Наҭелла лыԥҳа иазгәалҭеит лан акыр шықәса шылхыҵуагьы, ааигәанӡа аус лымукәан дшымтәоз: есымшааира аҩнусқәа лнапы рылакын, аџьықәреи ҿлырпуан, аҩны-агәара зегьы лылаԥш рхын, аха ааигәа арыцҳара дақәшәеит, машәырла иԥсҭазаара далҵит лыҷкәын. Уи акәхеит, аԥҳәыс бырг лымчқәа зегь цеит, агәырҩа лҽалҭеит. Ҳара данҳацәажәозгьы, лылабжыш лзынкыломызт.
© Sputnik / Томас Тхайцук 104 шықәса зхыҵуа Наҭелла Арџьаваниӡе
104 шықәса зхыҵуа Наҭелла Арџьаваниӡе
© Sputnik / Томас Тхайцук
Наҭелла иааигәаны дыздыруа лгәылацәа ирҳәоит, шаҟа дыԥхәыс еилҟьоу лышықәса рацәа инаҷыданы:
"Ҽнак лыҩны ҳавсны хцон. Амандарин шәысҭароуп, шәааԥшы ҳәа дҳаҳәеит. Ҳашԥшуаз, ааҵәа азна амандарин даҵаланы лҿаалхеит. Даараӡа иџьаҳшьеит, афырҭын даҩызан Наҭелла", - ҳәа иҳәоит лгәыла, ақыҭа ахада Коба Ҷыҭанаа.
Аԥҳәыс бырг лгәырҩа еилкааны, уаҳа даҳмыргәамҵит, абзиараз ҳәа налаҳәаны ҳандәылҵит. Адәахьынӡа дҳацдәылҵит, амҩа ҳақәлаанӡа дҳазԥшны дгылан.
© Sputnik / Томас Тхайцук 104 шықәса зхыҵуа Наҭелла Арџьаваниӡе
104 шықәса зхыҵуа Наҭелла Арџьаваниӡе
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ақәра рацәа нызҵахьоу, аԥсҭазаара иацу ацәгьеи абзиареи еилырганы издыруа абыргцәа рҭаара, аиашазыҳәаны, аинтерес аҵан. Аамҭа маҷк иалагӡаны акәзаргьы, унрыдтәаланы арацәажәара, рнысымҩа аҭоурых азыӡырҩра аҵакы амоуп. Доусы ихатәы ԥсҭазараа аиҿкаара дшашьҭоу, иааигәа иҟоу, аинтерес зҵоу аибабарақәа ниаӡаа ицәцоит, убас иҟоуп иахьатәи ҳаԥсҭазаара. Аха ус шакәугьы, иҳалшеит акраамҭа ҳгәалашәараҿы иаанхо аныҟәарақәа реиҿкаара.