Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла Украина қьырала еибашьуа аҳәаанырцәуаа ахьыҟаз ацентр иақәкны иԥыржәеит

© AFP 2023 / Volodymyr ShuvayevУкраинские военные
Украинские военные - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла мраҭашәаратәи атәылақәа, зтәылауаа Украина иахьеибашьуа рымазырҽхәо, рполитикцәа ргәырҽнарыҵеит урыстәылатәи аруаа аҳәаанырцәынтәи иааны қьырала еибашьуа ауааԥсыра шрыцҳарымшьало.
АҞӘА, хәажәкыра 20 - Sputnik. Урыстәыла Арбџьармчқәа икылкааны иақәзыршәо аракетақәа рыла иеихсит Житомир иҟоу Украина қьырала еибашьуа аҳәаанырцәтә тәылауаа ахьыҟаз ацентр, адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аминистрра.
"Икылкааны иақәзыршәо аҳаиртә ракетақәа рыла иеихсын Украина қьырала еибашьуа аҳәаанырцәуаа ахьыҟаз украинатәи иҷыдоу аоперациақәа ирызку арбџьармчқәа разыҟаҵара ацентр, Житомиртәи аобласт аиланхарҭа Овруч аҿы", - ҳәа азгәеиҭеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак Игорь Конашенков.
Аихсра иалҵшәаны иқәхын 100-ҩык инареиҳаны украинатәи иҷыдоу аоперациақәа ирызку аруааи егьырҭ аҳәаанырцәтә еибашьцәеи.
Амҽыша, Урыстәыла Украина арратә операциа ҷыда мҩаԥнагоижьҭеи 25 мшуп. Ари аамҭа иалагӡаны иқәхуп 4 нызқь инареиҳаны арратә инфраструктура аобиектқәа, шәкыла арратә техника, атанкқәа, авертолиотқәа, аԥырҩы дызҭам аппаратқәа, акәылӡтәы машьынақәа убрахь иалаҵаны. Рнапахьы иааргеит Чернобыльтәи Запорожиетәи атомтә фымцастанциақәа, уаанӡа иракны иҟаз Аҩада-Ҟрымтәи аканал ала Ҟрымҟа аӡы дәықәҵоуп.
Перешедший под контроль ДНР город Волноваха - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Арбџьармчқәа 200 инареиҳаны аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа ҭадырхахьеит
Иара убас Урыстәыла Арбџьармчқәа ирылшеит рнапахьы аагара ақалақь дуқәеи аобласттә центрқәеи - Херсон, Мелитополь, Бердианск. ДЖәР аруааи дареи еицхырааны Мариуполь акәшара иаҿуп, ЛЖәР аруаа дареи - Северодонецк.
Аурыс ар ажәыларақәа ирыбзоураны Украина Азовтәи амшын ахь изымнеиуа иҟаҵоуп, Киев, Сумы, Чернигов џьара-џьара хәҭакахьала, џьара-џьара иахьабалак рнапахьы иааргахьеит, аибашьра иаҿуп Николаев иахьаҵанакуа.
Урыстәыла аиҳабыра иазгәарҭоит Украина ампыҵахалара ргәы ишҭам, аоперациа ҷыда хықәкыс иамоуп Украина абџьарахыхреи амилаҭеилыхра аанкылареи.
Летно-тактические учения на военном аэродроме Черниговка в Приморском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа Украина аракетақәа адгьылаҵатәи рышьҭаҵарҭа ԥыржәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0