Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла аҳәамҭа ҟанаҵеит украинатәи абаталион "Донбасс" хара имгакәа ишеилаԥырххаауазы

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация на границе Крыма с Украиной
Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2022
Анапаҵаҩра
Уажәазы ДЖәР ари урыстәылатәи ари Украина 54-тәи абригада иабашьуеит аиланхарҭақәа Сладкое, Новоукраинка, Шахтиорское анапахьы раагаразы.
АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Донецк Жәлар рмилициеи урыстәылатәи ари аиланхарҭатә ҭыԥ Сладкое иакәшаны амилаҭеилыхыҩцәа рбаталион "Донбасс" аилаԥыххара иаҿуп ҳәа аҩуеит РИА Новости, Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда Игор Конашенков иажәақәа шьаҭас иганы.

" 60-ҩык рҟынӡа ҭархоуп, иара убас атанкқәа ҩба, БМП-қәа хԥа, артиллериеи аминаршәгақәеи", - ҳәа иҳәеит Конашенков.

ДЖәР ар ихьаҵуа 53-тәи абригада ирабашьуеит Новомихаиловка акалҭ аҿы. Иҭархоуп 20-ҩык украинатәи ар. Аибашьра цоит аиланхарҭақәа Каменк, Новоселовка Втораиа рзы.
Аусбарҭа ахаҭарнак иҳәамҭала мышкы аҩнуҵҟа 89 Украина арратә хыбрақәа ааха рыҭоуп: акомандаҟаҵаратә ҭыԥқәа ԥшьба, ареактивтә системақәа ҩба, артиллериатә шьақәгылақәа жәба, аракета-артиллериатә бџьари аџьаԥҳани рышьҭаҵарҭақәа жәеиза, 65 атехника агыларҭа ҭыԥқәа. Аҳауаҿ аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа быжьба кажьуп.
Беженцы из Мариуполя - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ЕАР: Украина ааныжьны ицахьеит жәамиллионҩык ауааԥсыра
Аоперациа ҷыда иалагазар икажьуп аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 214, 1483 танк, 150 РСЗО шьақәгыла, 584 аартиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 1279 арратә техникеи.
Урыстәыла арратә операциа ҷыда Украина ицоижьҭеи 26 мшы ҵуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0