Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахатәы бызшәа цәажәоит: ААУ аҿы аԥсшәа аиқәырхара иазкыз апресс-конференциа мҩаԥысит

© SputnikААУ аҟны имҩаҧысит аҧсуа бызшәа аиқәырхара иазкыз апресс-конференциа
ААУ аҟны имҩаҧысит аҧсуа бызшәа аиқәырхара иазкыз апресс-конференциа - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2022
Анапаҵаҩра
Аиԥылараҟны иалацәажәеит аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа рхатәы бызшәа аиқәырхаразы иаҭаху, абызшәа ианыԥшуа ауадаҩрақәа, урҭ рыӡбашьазы ргәаанагарақәа рҳәеит.
АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Москва инхо ҳџьынџьуааи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәеи злахәыз апресс-конференциа мҩаԥысит ААУ, хәажәкырамза 22 рзы.
Аиԥылара рхы аладырхәит Москва инхо ҳаԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа, убас акыр шықәса аҳәаанырцә инхоз, анаҩс зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа: Быҭәба Александр, Виачеслав Мхонџьиа, Беслан Ақаҩба, Оҭар Ласариа, убас Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет адекан, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Баҭал Хагәышь, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААУ апрофессор, ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААУ апрофессор Оҭар Ӡиӡариа, ААУ арҵаҩы-аиҳабы Риҵа Сақаниа, агазеҭ "Аԥсуа Университет" аредактор хада Алхас Чхамалиа, астудентцәа, ажурналистцәа.
© SputnikААУ аҟны имҩаҧысит аҧсуа бызшәа аиқәырхара иазкыз апресс-конференциа
ААУ аҟны имҩаҧысит аҧсуа бызшәа аиқәырхара иазкыз апресс-конференциа - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2022
ААУ аҟны имҩаҧысит аҧсуа бызшәа аиқәырхара иазкыз апресс-конференциа
Еизаз зегьы еицҿакны иазгәарҭеит аԥсуа бызшәа аиқәырхаразы доусы аҭакԥхықәра шиду, абызшәа шеиқәхо уи ала ицәажәо ажәлар аныҟала.
Аконференциа аартуа, ААУ афилологиатә факультет адекан Баҭал Ҳагәышь иазгәеиҭеит ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа рымҩаԥгара еснагь адгылара шарҭо, урҭ аиԥыларақәа иурҭоит агәыӷра абызшәа ԥсра-ӡра шақәым наунагӡа:
"Даара агәахәара ҳарҭоит ас еиԥш иҟоу аусутә еилатәарақәа реиҿкаара. Абызшәа аиқәырхаразы ирацәоуп ирҳәахьоу, аха уи зегьы башахоит апрактикаҟны ҳхы ианаҳмырхәа. Ахатәы бызшәа ҿиозароуп аҭаацәара рыҩнуҵҟа. Абызшәа иацу ахаареи аԥшӡареи ахәыҷы иныруазароуп дины адәы данықәла нахыс", - ҳәа азгәеиҭеит Хагәышь.
Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААУ апрофессор, ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа инаҵшьны иазгәалҭеит ҳбызшәеи ҳҵаси реиқәырхаразы акыр аџьабаа шырбахьаз еицырдыруа аԥсуа ҵарауаа хатәрақәа.
"Шаҟа гәахәараны иҳадаҳкылазеи иахьа Москвантә ҳџьынџьуаа ҳуниверситет ахь рымҩахыҵра. Арҭ ауаа Тарас Мирон-иԥа Шамба иҵаҩцәа роуп, ус зысҳәо, иара иџьынџьуаа рахь имаз агәыблыра, урҭ реидкылара аус аҟны аџьабаа рацәа збаз, уи иџьабаа иацызҵо, еихазҳауа роуп иахьа аҿар ирҭааз ҳџьынџьуаа хатәрақәа. Аибабара ахьыҟоу ауп иахьыҿио агәыбылра, ахы ахьакуа абызшәа, убарҭ зегьы шьаҭас иҟаҵаны иахьа имҩаԥысуеит ҳаилатәара", - ҳәа лҳәеит лара.
Хра злоу ахҭысқәа: Аҳәԥҳа аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьеи, уи арҿиаразы амҩақәеи ирызкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.10.2021
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Аҳәԥҳа аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьеи, уи арҿиаразы амҩақәеи ирызкны
Акыр шықәса Москва ақалақь аҟны инхо, ҳдиаспора ахаҭарнак Оҭар Ласариа иажәа иалаҵаны иҳәеит аԥсуаа ҳҟьаланы адунеи ҳшықәнамгалаз, ҳара ишҳамоу зқьышықәса зхыҵуа аҭоурых.
"Аԥсуа жәлар иааҳаҵашьыцыртә еиԥш аҭоурых дуӡӡа ҳамоуп. Ицәгьаӡаз аамҭақәа ҳариааины, иахьа уажәраанӡа еиқәырханы иааҳгеит ҳбызшәа, ҳҵас, ҳқьабз. Уи еиҳау арбану?! Иаҳмырӡроуп ҳбызшәа, сшәыҳәоит аҿар, шәцәажәала аԥсышәала", - ҳәа иҳәеит аҿар рахь ихы нарханы иара.
© SputnikААУ аҟны имҩаҧысит аҧсуа бызшәа аиқәырхара иазкыз апресс-конференциа
ААУ аҟны имҩаҧысит аҧсуа бызшәа аиқәырхара иазкыз апресс-конференциа - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2022
ААУ аҟны имҩаҧысит аҧсуа бызшәа аиқәырхара иазкыз апресс-конференциа
Астудентцәа рызҵаара аҭак ҟаҵо, ҳџьынџьуаҩ Быҭәба Александр иҳәеит, акыр шықәса атәым ҳәынҭқарраҟны дшынхогьы, еснагь игәы ишықәыҩуа "шьышь-нани" ашәа:
"Сахьиз сыԥсадгьыл агәыбылра еиҳау акгьы збом. Сгәы иқәыҩуеит сан лыбжьы хаа, агарашәа илҳәоз уажәы исаҳауазшәа сгәы иабоит. Сара сааӡеит аԥсуа хәышҭаара, сыԥсы ахьынӡаҭоу уи аԥхарра сахьыҟазаалак исыцзаауеит", - ҳәа жәа гәыблыла дазааҭгылеит иара.
Аконференциа иалахәыз ирҳәеит абызшәа аиқәырхаразы уи ала мацара ацәажәара шазымхо, уи инаваргыланы аԥсуа иҵас-иқьабз атәы идыруазарц шакәу:
"Аԥсуа иламыс пату ақәын жәытәнатә аахыс. Аҿар рхатәы бызшәала ицәажәаларц анрабжьаҳго, иазхьарԥшлатәуп ҳаԥсуара еикыланы измоу ҳҵаси-ҳқьабзи. Арҭ иузеиҟәымго еидҳәалоуп", - ҳәа иҳәеит аконференциа иалахәыз Беслан Ақаҩба.
Москва инхо ҳцьынџьуаҩ Виачеслав Мхонџьиа ицәажәараҟны иҳәеит аԥсуа бызшәа адырра инаваргыланы, ишдыртәу ухатәы нысымҩа, ухатәы ҭоурых, убас иара иазгәеиҭеит Москва ишырԥылало зҭоурых зынӡа иззымдыруа аԥсуа хылҵшьҭрақәа.
"Даара ҳгәы ҳнархьуеит, збызшәеи зҭоурыхи ззымдыруа ҳџьынџьуаа ҳанрықәшәо, ҳәарада, ҳара ирзеиҭаҳҳәоит рџьынџь аӡбахә, аха уи мацара азхаӡом, гәыла-дала аԥсуа данаԥсыуамха, мчыла уалагар акгьы алҵӡом", - ҳәа иҳәеит Мхонџьиа.
ААУ апрофессор Оҭар Ӡиӡариа игәы иаланы иҳәеит иахьа аԥсуа хәыҷқәа еиҳа-еиҳа атәым бызшәақәа азхьаԥшра рырҭо ишалагаз, уи ауадаҩра аҿагылара иахьа уажәраанӡа имариам усны ишаанхо атәы дазааҭгылеит.
Аԥсуа шәҟәқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2021
Аԥсны
Хатәы бызшәада аԥсҭазаара ҵакыдоуп
ААУ арҵаҩы-аиҳабы Риҵа Сақаниаԥҳа лықәгыраҟны илҳәеит абызшәа аганахьала ауадаҩрақәа шыҟоугьы, уи ала ихәыцуа, ицәажәо аҿар рыла ҳаиҵаханы ҳшыҟам.
"Иахьатәи ҳаиԥылара еиҿызкааз, иалахәыз зегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит, аиашазыҳәаны, даара агәахәара снаҭеит ҳџьынџьуаа шәзыӡырыҩра. Сара срықәшаҳаҭӡам аԥсуа бызшәа аныӡаара амҩа иануп ҳәа зҳәо ауаа, сара избоит аҿар аԥсышәала ихәыцуа, аԥсышәала ицәажәо рацәаны ишҳамоу. Ус анакәха, абызшәа адгылара заҵәык ауп иаҭаху, аԥеиԥш бзиа шҳазԥшу агәра згоит", - ҳәа лҳәеит Саканиаԥҳа.
Аконференциа хыркәшо, Москватәи ҳдиаспора ахаҭарнакцәа инарыгӡеит ажәытә аԥсуа ашәақәа, астудентцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟарҵеит. Убас, астудентцәа ирыԥхьеит рхатәы жәеинраалақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0