Алҵшәа амоуп: Валери Кәарҷиа Апарламент 6-тәи ааԥхьара аусушьа иазкны

Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент 6-тәи ааԥхьара аҽҳәара нҵәоит мшаԥымза 12, 2022 шықәсазы. Уи аиҳабы Валери Кәарҷиа Sputnik апресс-центр аҟны уи хәышықәсатәи аусура аихшьала ҟаиҵеит.
Иара дазааҭгылеит хәышықәса рыҩнуҵҟа апарламент аҟны ишымҩаԥгаз 89 сессиатә еилатәара, 181 закәан аҵыхәтәантәи аԥхьарала ишьақәырӷәӷәан, зынӡа Апарламент иахәаԥшит 220 закәан апроект, урҭ рахь 138 Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иусҳәарҭа иаанацҳаз, 77 проект адепутатцәа иадыргалаз, ҩ-проектк Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа аҟынтә, 85 закәан арҽеирақәа, аԥсахрақәа рылагалоуп, иара убас иазгәеиҭеит 30 закәан проект адкылара иахьымӡакәан иаанханы ишыҟоу атәы.
Хәышықәса рыҩнуҵҟа Жәлар Реизара иаднакылеит ақәҵарақәа 400, жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа 18. Еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы иаԥҵан аамҭалатәи апарламенттә комиссиақәа 26 иҳәеит Валери Кәарҷиа.
Еиҿкаан Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Урыстәыла Аҳәынҭдумеи, Асоветтә Федерациеи, Урыстәыла аҩнуҵҟатәи апарламентқәеи русеицура, реиҭанеиааира. Дареи ҳареи иҳабжьаҳҵеит аиқәшаҳаҭрақәа. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа алахәуп Женеватәи аиҿцәажәарақәа.
Жәларбжьаратәи аимадарақәа рышьақәгылараҟны Аԥсны Жәлар Реизара 6-тәи ааԥхьара иалшаз рацәоуп иҳәеит Валери Кәарҷиа. Хәышықәса иалагӡаны раԥхьаӡакәны Ҭырқәтәылатәи адепутатцәеи аԥсуа депутатцәеи шеиқәшәаз атәы дазааҭгылеит.
Абарҭи егьырҭ алҵшәақәеи ртәы - Sputnik авидеонҵамҭаҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0