Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Жәлар Реизара 6-тәи ааԥхьара алҵшәақәа еихишьалеит уи аиҳабы Валери Кәарҷиа

© Sputnik / Томас Тхайцук Валерий Кварчия
Валерий Кварчия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 азы, иахьазы адепутатцәа алхуп 17 алхырҭатә ҭыԥ рҿы, даҽа 17 ҭыԥ рҿы алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥгахоит. 18-тәи алхратә ҭыԥ хадаҿы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит.
АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент 6-тәи ааԥхьара аҽҳәара нҵәоит мшаԥымза 12, 2022 шықәсазы. Уи аиҳабы Валери Кәарҷиа Sputnik апресс-центр аҟны уи хәышықәсатәи аусура аихшьала ҟаиҵеит.
Иара дазааҭгылеит хәышықәса рыҩнуҵҟа апарламент аҟны ишымҩаԥгаз 89 сессиатә еилатәара, 181 закәан аҵыхәтәантәи аԥхьарала ишьақәырӷәӷәан, зынӡа Апарламент иахәаԥшит 220 закәан апроект, урҭ рахь 138 Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иусҳәарҭа иаанацҳаз, 77 проект адепутатцәа иадыргалаз, ҩ-проектк Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа аҟынтә, 85 закәан арҽеирақәа, аԥсахрақәа рылагалоуп, иара убас иазгәеиҭеит 30 закәан проект адкылара иахьымӡакәан иаанханы ишыҟоу атәы.
"Хәышықәса рыҩнуҵҟа Жәлар Реизара иаднакылеит ақәҵарақәа 400, жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа 18. Еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы иаԥҵан аамҭалатәи апарламенттә комиссиақәа 26", - ҳәа азгәеиҭеит Валери Кәарҷиа.
Иара убас дазааҭгылеит Апарламент адепутатцәа аус шыруа еиуеиԥшым Аҳәынҭкарратә комиссиақәа рыҽрылархәны. Иалхын аконституциатә усӡбарҭа алахәылацәа. Валери Кәарҷиа инаҵшьны иазгәеиҭеит хәышықәсатәи Апарламент аусура иалҵшәаны, атәым ҳәынҭқаррақәеи ҳареи ҳаимадара бзиа ашьақәыргыларазы имаҷымкәан ашьаҿақәа шыҟаҵаз.
"Еиҿкаан Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Урыстәыла Аҳәынҭдумеи, Асоветтә Федерациеи, Урыстәыла аҩнуҵҟатәи апарламентқәеи русеицура, реиҭанеиааира. Дареи ҳареи иҳабжьаҳҵеит аиқәшаҳаҭрақәа. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа алахәуп Женеватәи аиҿцәажәарақәа, уи даара акраҵанакуеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Жәларбжьаратәи аимадарақәа рышьақәгылараҟны Аԥсны Жәлар Реизара 6-тәи ааԥхьара иалшаз шырацәоу атәы дазааҭгылеит Валери Кәарҷиа. Иара иҳәеит, хәышықәса иалагӡаны раԥхьаӡакәны Ҭырқәтәылатәи адепутатцәеи аԥсуа депутатцәеи шеиқәшәаз атәы.
"Аԥсны Жәлар Реизара апарламент аус ауан Аԥсны аҭагылазаашьа хьанҭаны ианыҟаз аамҭазы. Апарламент 6-тәи ааԥхьара аусура алҵшәа амоуп ҳәа азысыԥхьаӡоит", - ҳәа иҳәеит Кәарҷиа.
Аихшьалатә конференциа иацҵауа, Валери Кәарҷиа далацәажәеит Жәлар Реизара апарламент ахыбра азҵаатәы. Иара иажәақәа рыла, аилатәара ахьымҩаԥырго аҭыԥ ҭшәоуп, ишырҭаху еиԥш аусуразы алшара рымам.
"Ҳаԥсуа парламент ахьеилатәо аҭыԥ ахылаԥшра аҭатәуп. 35 депутатцәа, ажурналистцәа, апарламент аусзуҩцәа, иааԥхьоу асасцәа уҳәа, инеибынеиԥшны 70-80-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра еилатәоуп иҭшәоу азал аҟны. Зегьы рыбжьы ҩныҩуеит, арегламент еиланагоит. Апарламент иашьашәалоу ахыбра азалхра азҵаара акырынтә ишьҭыхын, аха макьаназ иӡбамкәан иаанхоит", - ҳәа иҳәеит Валери Кәарҷиа.
Убас Валери Кәарҷиа ихымԥадатәиуп ҳәа иԥхьаӡоит Жәлар Реизара Апарламент иалоу 35 ҩык адепутатцәа рхыԥхьаӡара 45-ҩык рҟынӡа ашьҭыхра, иара игәаанагарала, уи иалнаршоит хыԥхьаӡара рацәала азакәанқәа аус рыдулара.
Кәарҷиа адепутатцәа Ҭырқәтәыла реиԥыларақәа рзы: сгәыӷуеит ԥхьаҟа алҵшәа аарышьҭып ҳәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.11.2021
Арадио
Кәарҷиа адепутатцәа Ҭырқәтәыла реиԥыларақәа рзы: сгәыӷуеит ԥхьаҟа алҵшәа аарышьҭып ҳәа
Ажәабжьқәа зегьы
0