Аналитик Урыстәыла абылтәы ахәԥса ахалара азԥхьагәеиҭеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Топливный пистолет
Топливный пистолет - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2022
Анапаҵаҩра
Аналитикеи афинансқәеи русхк аҟны аексперт ашықәс анҵәамҭазы Урыстәыла абылтәы (абензин) ахәԥса шьҭыҵуеит ҳәа азгәеиҭеит.
АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Урыстәыла абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы рыхәқәа ма ишыҟоу иҟоуп ма маҷ-маҷ илаҟәуеит, аха ус шакәугьы аинфляциа аҳәаақәа ирҭагӡаны ирыцло иалагар ауеит ҳәа амаҵзура "Прайм" иазеиҭеиҳәеит "Афинансқәа рнапхгараҭараз Иреиҳау ашкол" аналитикатә ҭҵаарақәа рыҟәша анапхгаҩы Михаил Коган.
Аексперт ихәшьарақәа рыла абылтәы ахәԥсақәа иахьазы ииасыз ашықәс арбагақәа рҿы иҟоуп, аха ԥхьаҟа ахәқәа рылаҟәра алымшар ҟалоит. Аҳәаанырцәтәи аахәаҩцәа рыҟамзаараз анефҭтә еилахәырақәа аҩнуҵҟатәи аахәаҩ аԥыжәара ирҭоит.
Аекономист иҳәоит адунеи аҿы агеополитикатә ҭагылазаашьа шаашьақәгылалак анефҭ ахә халоит ҳәа.
Урыстәыла абензин ахә анырра анаҭоит адемпфертә механизм ҳәа иҳәоит афинансист.

"Сгәанала ашықәсеихшьаалатә цҵа 8-10% еиҳахом, литрак АИ-92 ахә 50 мааҭ еиҳахоит", - иҳәеит Коган.

АИ-92 Москва абжьаратә ахәԥса 47,3 мааҭ ыҟоуп, ашықәс анҵәамҭазтәи арбагақәа 47,2 мааҭ ыҟан. АИ-95, АИ-98 рыхәқәагьы абри аҩыза адинамика рныԥшуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0