Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

ААУ аҟны аҵараиурҭа 90 шықәса ахыҵра иазку аконференциа мҩаԥысит

© SputnikАГУ
АГУ - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2022
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет есышықәса имҩаԥнагоит аҵарауаа, аҭоурыхҭҵааҩцәа злахәу аконференциа. Уи хықәкыс иамоуп акыршықәса иҭырҵаауа русумҭақәа рыхәҭак аӡыргара.
АҞӘА, хәажәкыра 24 – Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет 90 шықәса ахыҵра иазку арҵаҩра-апрофессортә еилазаара рконференциа мҩаԥысит аҭоурыхтә факультет аҟны, хәажәкыра 24 азы.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит аҵарауаа, аҭоурыхҭҵааҩцәа, астудентцәа, ажурналистцәа.
© Sputnik / Наала Гумба ААУ 90 шықәса ахыҵра иазку арҵаҩра-апрофессортә еилазаара рконференциа.
ААУ 90 шықәса ахыҵра иазку арҵаҩра-апрофессортә еилазаара рконференциа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2022
ААУ 90 шықәса ахыҵра иазку арҵаҩра-апрофессортә еилазаара рконференциа.
Аконференциаҟны ражәахәқәа рыла иқәгылеит аҭоурыхҭҵааҩцәа: Виктор Аҩӡба, Алик Габелиа, Аб Дорофеи Дбар, Наала Касланӡиаԥҳа, Елена Нишаниан, Мзиа Кәыҵниаԥҳа, Сослан Салаҟаиа, Илона Агырԥҳа, Инџьгиа Џьамбул.Урҭ ирзааҭгылеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа Аԥсны аҭоурых, аетнологиа, архелогиа уҳәа атемақәа рыла. Убас Аԥсны аҭоурых абжьаратәи ашәышықәса инаркны иахьа уажәраанӡа ицәырҵуаз афактқәеи аиҿагылареи ирызхьаԥшит, урҭ ҷыдарас ирымоу атәы рҳәеит. Ажәахәҟаҵаҩцәа рыгәгыларақәа рышьҭахь ииасуан аусумҭа ахцәажәарахьы, еимырдон ргәаанагарақәа, иҟарҵон ахҳәаа.
Аҭоурыхҭҵааҩ, аетнолог Виктор Аҩӡба аконференциа аҵакы дазааҭгыло иазгәеиҭеит, уи амҩаԥгара хықәкыс ишамоу аҵарауаа русумҭақәа еиҳа аԥыжәара рыҭара, акраамҭа аус здыруыло аҭҵаамҭақәа рыхәҭак ӡырыргартә еиԥш алшара рзаԥҵара.
ААУ аҟны имҩаҧысит аҧсуа бызшәа аиқәырхара иазкыз апресс-конференциа - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2022
Аԥсны
Ахатәы бызшәа цәажәоит: ААУ аҿы аԥсшәа аиқәырхара иазкыз апресс-конференциа мҩаԥысит
"Ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа еиҳагьы ҳҭоурых ахь ҳхьадырԥшуеит, агәра ганы сыҟоуп уи абзоурала ҳаԥхьаҟа ҳастудентцәеи ҳареи иҳахәаша алкаақәа шыҟаҳҵо", - ҳәа иҳәеит Аҩӡба.
ААУ аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа иқәгылараҟны иҳәеит ашықәс иалагӡаны ишыҟоу иҵегь имҩаԥыргараны иҟоу еиуеиԥшым аусхкқәа, насгьы инаҵшьны иазгәеиҭеит арҵаҩцәа рԥышәеи рдырреи ишалҵшәоу аҿар ҵарауаак раҳасабала ԥхьаҟатәи рышьақәгылараҟны.
"Иарбан ҵараиурҭазаалак аҟны аҵарадырра аԥхьа игылоуп, уи ада ԥсыхәа ыҟам. Ҳҵарауаа рыбзоурала, рԥышәа аимадарала, сынтәа ҳзыргәырӷьаша ахҭысқәа ҟалеит. Ҳҭоурыхтә факультет аҵаҩцәа х-ҩык акандидаттә диссертациақәа рыхьчеит. Уи ҳара ҳзыҳәаны гәадуроуп", - ҳәа иҳәеит Алик Габелиа.
Арҵаҩратә-апрофессортә еилазаара рконференциаҟны иалкаахаз ажәахәқәа анылоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет 90 шықәса ахыҵра иазкны иҭыҵуа аизга. Убас ари амчыбжь иалагӡаны имҩаԥысраны иҟоуп астудентцәа, аҵарауаа ҿарацәа злахәу аконференциа.
Ажәабжьқәа зегьы
0