Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аамҭаказы аҭынчра: Донбассынтәи ахҵәацәа ргәырхашҭырц Риҵаҟа ныҟәара ишыргаз

© Sputnik / Томас Тхайцук Экскурсия для беженцев из ЛНР и ДНР организованная Автолюбителями из "Альфард клуба"
Экскурсия для беженцев из ЛНР и ДНР организованная Автолюбителями из Альфард клуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны автомашьына "Тоиота Альфард" захьӡу ирықәтәоу арныҟәцаҩцәа реиҿкаара "Альфард-клуб" алахәылацәа асасааирҭа "Аиҭар" аҿы инхо Донбассынтәи ахҵәацәа Риҵаҟа аныҟәара рзеиҿыркааит. Ахҵәацәа ҩызара рзаҳуан Sputnik Аԥсны аредакциагьы.
60-ҩык Донбассынтәи ахҵәацәа, аԥсҟы зкызи ажурналистцәеи налаҵаны 85-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра гәыԥ-гәыԥла ҳаҽшаны 15 автомашьына ҳрықәтәаны ашьыжь хәажәкыра 25 рзы Риҵаҟа амҩа ҳақәлеит. Ҳныҟәара шеиҿкааз, цәаныррас иаҵаз, ахҵәацәа уи шрыдыркылаз атәы инарҭбааны шәаԥхьар шәылшоит иахьатәи ҳматериал аҟны.
Наала Гәымԥҳа, Sputnik
Атәым жәҩан аҵаҟа зыԥсҭазаара еиқәзырхоит ҳәа иааз ахҵәацәа рыҿцәажәара, рхатәы нысымҩа, ргәырҩеи рхьааи атәы аилкаара имариам усын хаҭала сара сзыҳәаны. Шаҟа илахҿыхыз аҟара, убас рыбла ирхубаалон агәхьаагара, еиҳарак зыҩны иаанхаз рҭаацәа, рыуа, рҭынха рзыҳәаны.
Езыгәба еиҭеиҳәеит Донбасстәи ахҵәацәа Риҵаҟа ргара шеиҿыркааз - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2022
Арадио
Езыгәба еиҭеиҳәеит Донбасстәи ахҵәацәа Риҵаҟа ргара шеиҿыркааз
Ашьыжь ҳредакциа ҳаҭааит асасааирҭа "Аиҭар", Донбассынтәи иааз ахҵәацәа ахьынхо. Автомашьынақәа мазеин, ахҵәацәа рҽеидыркылон, анацәа рхәыҷқәа дырццакуан, шьоукы ҿымҭ урҭ ирзыԥшуан. Ус, сышгылаз, слымҳа иааҭасит акыр сгәаҵанӡа инеиз ажәақәа:
"Ҵыԥх уажәааны ԥсшьаҩык лаҳасабала Риҵа саҭааит, иахьа хҵәаҩык леиԥш, ааи, улахь иану ахаан иудырырц уҟаӡам", - ҳәа ҩыџьа аҳәса реицәажәара. Урҭ ажәақәа срызхәыцуа сышгылаз, "шәыхиоума?" ҳәа амашьынарныҟәцаҩ ибжьы зегьы иаарылаҩит. Досу рҭыԥқәа аанкыланы амҩа ҳнықәлеит.

Риҵаҟа амҩа ҳақәлеит

Сколлега Асмаҭ Ҵәыџьԥҳаи сареи ҳзықәтәаз автомашьына иҳацҭатәан ахҵәацәа Ивани Максими. Аредакциа дҵас исырҭаз бзианы еилыскаауан, ахҵәацәа излауала рҭоурых еилкааны, рцәаныррақәа, рхы-ргәы иҭоу еилсыргар акәын, аха сгәы иаанагомызт аҿар ргәы ҭыӷьӷьаа ицәажәоит ҳәа, избанзар агәра ганы сыҟан шьҭа ргәы шыԥнаҵәахьоу аибашьра алацәажәара, уимоу, агәалашәара хьанҭақәа рахь ихьарԥшны иахьатәи рымш саԥырхагахарцгьы сҭахымызт, аха сгәаанагара сажьеит.
Ивани Максими ҳареи ҳанеибадырқәа, ҳцәажәараҿы агәра дҳаргеит Риҵаҟа ҳамҩа аԥшӡара шаҟа рыбла хнакыша, аныҟәара ацәанырра бзиақәа шрызцәырнагаша, ишыргәаԥхо. Ашәа хаа аҳәон амашьынаҟны, амашьынаныҟәцаҩ ҳгәалаҟазаара ашьҭыхра иҽазишәон.
Аҟәа ҳналҵуан еиԥш, ахҵәацәа рыҿцәажәарахьы ҳниасит.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Донбассынтәи ахҵәацәа ргәырхашҭырц Риҵаҟа ныҟәара иргеит

Донбассынтәи ахҵәацәа ргәырхашҭырц Риҵаҟа ныҟәара иргеит - Sputnik Аҧсны
1/2

2/2

Донбассынтәи ахҵәацәа ргәырхашҭырц Риҵаҟа ныҟәара иргеит

1/2

Донбассынтәи ахҵәацәа ргәырхашҭырц Риҵаҟа ныҟәара иргеит

2/2

Донбассынтәи ахҵәацәа ргәырхашҭырц Риҵаҟа ныҟәара иргеит

Ахысбыжьқәа ирышьцылахьоу Максим

Максим ихыҵуеит 16 шықәса, Донецк ақалақь, аҳабла Машзавод аҟынтәи иани, иашьеи, иареи еицны иааит. Донецк иаанхеит иаб, иаҳәшьеиҵбы, ианду. Иара ахҵәаҩы иаҳасабала арахь зынӡа аара иҭахӡамызт, аха иаб имуӡеит, ашәарҭара ӷәӷәа иҟаз излауала иҭаацәа рыхәҭак алигарц иӡбеит.
Максим уанизыӡырҩуа уамашәа иубап ихшыҩҵак, ицәажәашьа, иҳәоу артәашьа. Иҟалап уи зхәыҷаахыс ахысыбжь згәы иқәыҩуа, зыбла иабо иҟазшьазаргьы. Иқәра маҷзаргьы, иара ибзианы идыруеит аибашьра иацу ахьааи агәырҩеи. Уимоу, данҳацәажәоз, абџьарқәа рыхьыӡқәа нҭкааны дырзааҭгылон, уи џьоумшьаргьы ҟалозар акәхап, уажәшьҭа изышьцылахьоу, есымшааира ираҳауа хьыӡқәоуп азы. Иара дахьынхоз азааигәара лассы-лассы арҭҟәацгақәа карыжьуан, иааигәаӡаны есымша ахысбыжьқәа раҳауан, ргәы ҭҟьаны иааԥшуан.
Максим игәалашәараҟны иаанхеит ирацәаӡаны ашәарақәа, урҭ иреиуоуп ҽнак ашкол аҟны изықәшәаз ахҭыс.
© Sputnik / Томас Тхайцук Донбассынтәи ахҵәацәа ргәырхашҭырц Риҵаҟа ныҟәара иргеит
Экскурсия для беженцев из ЛНР и ДНР организованная Автолюбителями из Альфард клуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2022
Донбассынтәи ахҵәацәа ргәырхашҭырц Риҵаҟа ныҟәара иргеит
"Ҽнак аурок аҟны ҳаштәаз, арҵаҩы лыҳәаҳәабжь геит, "шәызегьы апарта шәхәыҵал, ахысга "У" аауеит" ҳәа, даараӡа ҳшәеит, Анцәа иџьшьаратәы, ԥсҭбарада ҳаилгеит. Уи 2015 шықәса рзыҳәаны акәын, еиҳа ишәарҭан урҭ ашықәсқәа, шьҭа сшәаӡом, ахысбыжьқәа срышьцылахьеит", - ҳәа иҳәоит Максим.
Уаԥхьаҟа узакәхарц иуҭахи ҳәа ҳаниазҵаа, саруаҩхарц сҭахуп иҳәеит. Аиашазыҳәаны, иааџьасшьеит, сара даҽа ҭакк сазыԥшын, сыгәҭахәыцра атәы еиликаазшәа, "мап, аибашьра ахықәкала акәымкәан, схазы ауп ишысҭаху, бзиа избоит абџьар аҭҵаара", - ҳәа нациҵеит иара.
Уи иажәақәа даара сдырхәыцит, ихьаа дууп ахәыҷратәи агәалашәарақәа аибашьреи абџьари ианрыдҳәалоу, аха уи даҽа зҵаароуп.
© Sputnik / Томас Тхайцук Донбассынтәи ахҵәацәа ргәырхашҭырц Риҵаҟа ныҟәара иргеит
Экскурсия для беженцев из ЛНР и ДНР организованная Автолюбителями из Альфард клуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2022
Донбассынтәи ахҵәацәа ргәырхашҭырц Риҵаҟа ныҟәара иргеит
Амҩабжара ҳнеихьан, ҳаиҿцәажәарагьы иацаҳҵон. Максим уажәы Аҟәатәи 6-тәи ашкол ахь дныҟәоит, иара иажәақәа рыла, ибзианы дрыдыркылеит иҩызцәа, аха арҵаратә программа макьана дамышьцылацт.
"Аҩызцәа иаразнак исырҳаит, пату еиқәаҳҵоит. Аурокқәа макьана срышьцылам, ҳара ҳазхысуаз апрограммеи араатәии аивгарақәа рымоуп, аха излауала сҽахьызыгӡоит", - ҳәа иҳәоит иара.
Арԥыс Аԥсны шигәаԥхогьы, даара дазхьаауеит иԥсадгьыл ахь ахынҳәра, еснагь иаби иареи ҭелла еимадоуп, еиуеиԥшым асоциалтә даҟьақәа дрыҵаҩуп, аинформациа дазҿлымҳауп.
"Саб саниацәажәо, сгәы ҟаиҵоит, ашәарҭара ӷәӷәа ҳахьыҟоу иҟаӡам ҳәа сеиҳәоит, аха сара аинтернет аҟны избоит иҟаҵәҟьоу аҭагылазаашьа.Сақәгәыӷуеит аибашьра заа еилгап ҳәа, аха инарҵаулан саназхәыцуа, макьана еиҳау ашәарҭара шыҟоугьы еилыскаауеит", - ҳәа игәаанагара ҳацеиҩишеит иара.
© Sputnik / Томас Тхайцук Донбассынтәи ахҵәацәа ргәырхашҭырц Риҵаҟа ныҟәара иргеит
Экскурсия для беженцев из ЛНР и ДНР организованная Автолюбителями из Альфард клуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2022
Донбассынтәи ахҵәацәа ргәырхашҭырц Риҵаҟа ныҟәара иргеит
Ҳаиҿцәажәара хыркәшо, исҭеит азҵаара, зегь реиҳа угәы ззыҳәо арбану ҳәа. Иҭак сгәаҵанӡа инеит, уажәыгьы сазхәыцуеит. Максим зынӡа агәазыҳәара имаӡам, уи аҵакы закәугьы изымдыруазар ҟалап аибашьра иалиааз. Уаҵәтәи аԥсҭазаара зыбла ҭраа иазыԥшу ахәыҷы изыҳәаны ҭынч амш аԥылара акәзаргьы ҟалап еиҳау агәазыҳәарагьы.

Ауаа еиқәзырхаларц зҭаху Иван

Аҩбатәи ҳамҩаныза Иван дааит Луганск ақалақь аҟынтәи иашьа иԥшәма дицны. Иашьҭахьҟа иаанхеит иаб, иан, иашьа. Иаб аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аусбарҭаҟны аус иуеит, иашьа аррамаҵзура дахысуеит, иан илҭахымхеит аҩны ааныжьра, уа даанхеит. Иван иажәақәа рыла, иаргьы, Максим иеиԥш, зынӡа даарц иҭахымызт, аха иҭаацәа мчыла ддәықәырҵеит. Ақалақь ӷәӷәала иалахысуан, иалымҵыр ада уаҳа ԥсыхәа ыҟамызт. Иван игәалаиршәоит рымаҭәақәа еизганы иантәаз аамҭақәа, рҭаацәа "шәгыл" ҳәа рыдҵа ишазыԥшыз имыцәаӡакәан.
"Исгәалашәоит, ӡынран, алашарагьы ҳамаӡамызт, ааигәа иҟаз афымцамч станциа ԥыржәеит. Ахьҭа ҳакуан даара, ҳан ҳаилалҳәеит маҭәа ԥхала, даара ахысрақәа рацәан. Аԥенџьыр аҟынтә иадыԥхалоз амца азныказы алашара ҳарҭазшәа ҳуада иааҩнаҷҷеит. Ус бжьык геит, "шәгыл" ҳәа аӡәы дыҳәҳәеит, агылара ҳзымгәаӷьт, ҳашьҭалеит, арҭҟәацга ааигәа иԥжәеит, аха ҳара акагьы ҳмыхьит", - ҳәа ухаҿы иузаамго игәалашәарақәа ртәы ҳзеиҭеиҳәеит Иван.
© Sputnik / Томас Тхайцук Донбассынтәи ахҵәацәа ргәырхашҭырц Риҵаҟа ныҟәара иргеит
Экскурсия для беженцев из ЛНР и ДНР организованная Автолюбителями из Альфард клуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2022
Донбассынтәи ахҵәацәа ргәырхашҭырц Риҵаҟа ныҟәара иргеит
Арԥыс иаԥхьаҟа иҭахуп иаб изанааҭ ала амҩа дықәларц.
"Исҭахуп ауаа ацхыраара рыҭара, ауадаҩрақәа ианрықәшәалак реиқәырхара. Сабдугьы деиқәырхаҩын, сабгьы, сашьагьы уи азанааҭ ала аус руеит, саргьы исҭахуп рышьҭа схыларц", - иҳәоит Иван.
Ивангьы Аҟәатәи 6-тәи ашкол ахь дныҟәоит. Иара гәадурала иҳәоит уаҟа аҩызцәа бзиақәа ширҳаз. Аамҭа анрымоу ашьапылампыл еицыхәмаруеит, иԥшахьырсуеит.
"Аҩныҟа схынҳәыр, игәхьаазгалоит исырҳаз аԥснытәи сҩызцәа", - ҳәа иҳәоит иара.
Аха, рыцҳарас иҟалаз, макьаназы еилкааӡам, аҩныҟа ахынҳәразы алшара аниоуа.
© Sputnik / Томас Тхайцук Донбассынтәи ахҵәацәа ргәырхашҭырц Риҵаҟа ныҟәара иргеит
Экскурсия для беженцев из ЛНР и ДНР организованная Автолюбителями из Альфард клуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2022
Донбассынтәи ахҵәацәа ргәырхашҭырц Риҵаҟа ныҟәара иргеит

Риҵа ҳазааигәахо ҳалагеит

Ивани Максими шанханы абахәқәа ирыхәаԥшуан, урҭ ҳрыгәҭылак, ҩызара ҳазуа ҳамҩа рыхьчон.
Амҩан ҳаанҿасит Аӡиа иаҵәаҟны, уаҟа ахҵәацәа ирзеиҿыркааит аӡиа акәша-мыкәша аныҟәара, ирзеиҭарҳәеит аӡиа аҭоурых. Даара иаршанхеит ирбаз аԥшӡара, иҭырхуан афотосахьақәа, еимырдон ргәаанагара.
© Sputnik / Томас Тхайцук Донбассынтәи ахҵәацәа ргәырхашҭырц Риҵаҟа ныҟәара иргеит
Экскурсия для беженцев из ЛНР и ДНР организованная Автолюбителями из Альфард клуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2022
Донбассынтәи ахҵәацәа ргәырхашҭырц Риҵаҟа ныҟәара иргеит
Ус, санынаԥш, сыла дааҵашәеит аӡиа ихықәгылан, ажәҩан ахь зхы шьҭыхны Анцәа иҳәоз аԥҳәыс. Акраамҭа ҿымҭ дгылан, анаҩс лџьыба ачабра ааҭыганы, лылабжышқәа лрыцқьеит. Лааигәа анеира азныказы исзыгәаӷьуамызт, аха аҵыхәтәаны слазҵааит гәаныла илҳәоз закәызеи ҳәа.
"Сгәы ԥшаауеит, сашьҭахьҟа инхеит сҭаацәа: сыԥшәма, сан, саҳәшьа. Сара иахьа рылымкаа схы сыхьчоит ҳәа сааит, уаҳа исҳәара сыздыруам", - лҳәан лылабжышқәа налҿықәыҳәҳәит. Уи акәхеит, саргьы уаҳа дысмыргәамҵит.

Иблахкыгоу Риҵа

Анаҩс ҳныҟәара иацаҳҵеит, ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшын аӡиа Риҵа. Ҳхалацыԥхьаӡа, асы еиҳа-еиҳа ирацәахон, лакә тәылак ҳаҭаазшәа акәын ишыҟаз аӡынтәи Риҵа. Уи зыла иабаз ахҵәацәа даара иаршанхеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Донбассынтәи ахҵәацәа ргәырхашҭырц Риҵаҟа ныҟәара иргеит
Экскурсия для беженцев из ЛНР и ДНР организованная Автолюбителями из Альфард клуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2022
Донбассынтәи ахҵәацәа ргәырхашҭырц Риҵаҟа ныҟәара иргеит
Викториа Волкова акырынтә Аԥсны даахьеит ԥсшьаҩык лаҳасабала, аха иахьа иллахьынҵахеит даҽа ҭагылазаашьак ала аҭаара.
"Есышықәса Аԥсныҟа сҭаацәеи сареи ԥсшьара ҳаауеит, аха аӡынтәи Риҵа зынӡа даҽа дунеи ссируп, ари аҩыза аԥшӡара зымбаӡацт ахаангьы. Сгәы иалоуп иахьа хҵәаҩык лаҳасабала сахьаҭааз, аха агәыӷра сымоуп ҳаԥхьаҟа зегьы шыбзиахо", - ҳәа лҳәоит лара.
Риҵатәи аԥсабара ҳаара иазыԥшызшәа, ҳаныҩхала асы аҽеиужьны ԥала-ԥала аура иалагеит, аӡынтәи алакә ссир еиԥшын ҳабла иабоз асахьа.
Ахҵәацәа ирзеиҿкааз аныҟәаратә мшы хыркәшо, патула аҵыхәтәаны аԥсуа ичеиџьыка агьама дырбан. Ргәы иаҭахыз афатә хәыда-ԥсада иҿарҵар рылшон. Аҭынчразыҳәаны ишьҭырхит аныҳәаҿақәа, аныҟәара рзеиҿызкааз зегьы иҭабуп ҳәа рарҳәеит. Ишәаҳәеит, икәашеит, аамҭаказы рышьҭахьҟа ицо аибашьра ахьааи агәырҩеи рхадыршҭит, аха зегь акоуп ҭынч унатәаны рыбла ухыԥшылар, ирнубаалон ашәара, ҭакда иаанханы иҟоу ԥхьаҟатәи рԥеиԥш азыҳәаны азҵаарақәа.
© Sputnik / Томас Тхайцук Донбассынтәи ахҵәацәа ргәырхашҭырц Риҵаҟа ныҟәара иргеит
Экскурсия для беженцев из ЛНР и ДНР организованная Автолюбителями из Альфард клуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2022
Донбассынтәи ахҵәацәа ргәырхашҭырц Риҵаҟа ныҟәара иргеит
"Альфард-клуб" алахәыла, ахҵәацәа рзы аныҟәара аиҿкааҩцәа иреиуоу Алиас Езыгәба раԥшьгамҭа далацәажәо, иазгәеиҭеит ишырҭахыз мышкы иадамхаргьы, ахҵәацәа ргәалаҟазаара ашьҭыхра, ҳаԥсадгьыл аҭыԥԥшӡарақәа дырбара.
"Ари аус еиҿкаан "Альфард-клуб" алахәылаҩцәа рхатәгәаԥхарала гәыҳалалратә шьаҿас иҟаҵаны. Иаҳҭахын ҳасасцәа мышкы иадамхаргьы ҳзызгәдуу аҭыԥ ԥшӡақәа дырбара, ҳҵас-ҳқьабз аӡыргара, ргәалаҟазаара ашьҭыхра. Агәыӷра сымоуп ҳгәахәтәы ҳахьӡеит, ахҵәацәа иргәаԥхеит ҳәа", - ҳәа иҳәеит Езыгәба.
© Sputnik / Томас Тхайцук Донбассынтәи ахҵәацәа ргәырхашҭырц Риҵаҟа ныҟәара иргеит
Экскурсия для беженцев из ЛНР и ДНР организованная Автолюбителями из Альфард клуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2022
Донбассынтәи ахҵәацәа ргәырхашҭырц Риҵаҟа ныҟәара иргеит
Иара иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны амилаҭтә атуристтә еилахәыра аиҳабы Руслан Кәакәасқьыр аԥхьа днаргыланы, Риҵатәи аҳәырԥсарра ахадара, ахҵәацәа хәыда-ԥсадатәи рыкрыфара еиҿызкааз акрыфарҭа "Лыхны" аусзуҩцәа, рымҩа хьчо ахҵәацәа мҩаԥызгоз аҳәынҭқарратә зинхьчаратә маҵзурақәа, аныҟәара ӡырызгоз амассатә хархәагақәа, ҷыдала, Sputnik Аԥсны, Аԥсуа телерадиоеилахәыра.
Аӡынтәи алакә: Донбасс ахҵәацәа Риҵа ишаҭааз - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2022
Аԥсны
Аӡынтәи алакә: Донбасс ахҵәацәа Риҵа ишаҭааз
Ажәабжьқәа зегьы
0