Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Еныкь ақәыргыламҭа "Лхаҵкы аминистр иԥҳәыс" иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Еныкь ақәыргыламҭа "Лхаҵкы, аминистр иԥҳәыс" иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа Аҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр аԥхьарба азхнариот аспектакль "Лхаҵкы аминистр иԥҳәыс" ала. Атеатр аиҳабы Аслан Еныкь арадио Sputnik аҿы еиҭеиҳәеит апиеса алхра шыҟалаз, аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуа атәы.
Ақәыргыламҭа "Лхаҵкы аминистр иԥҳәыс" аԥсуа хәаԥшҩы ибараны дыҟоуп хәажәкыра 30-31 рзы.
Сербиатәи адраматург Бранислав Нушич ипиеса "Лхаҵкы аминистр иԥҳәыс" аԥсуаа рцәаҩа-рҟазшьа даараӡа иазааигәоуп, ҳара иҳалиааз иҩызшәа иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит Еныкь.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0