Андреи Стенин ихьӡ зху аицлабрахь 2022 шықәсазтәи аусумҭақәа рыдкылара хыркәшоуп

© Sputnik / Мигель Кандела / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие выставки конкурса им. Андрея Стенина в Барселоне
Открытие выставки конкурса им. Андрея Стенина в Барселоне - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2022
Анапаҵаҩра
Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы аицлабра зхы алазырхәхьоу атәылақәа рхыԥхьаӡара 130 ыҟоуп.
АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik. Андреи Стенин ихьӡ зху аабатәи Жәларбжьаратәи аицлабра аусурақәа рыдкылара хнаркәшеит, раԥхьатәи аихшьаалақәа мҩаԥнагеит.

2022 шықәсазы аицлабрахь иаашьҭын 54 тәыла рҟынтәи 3 000 рҟынӡа усумҭа. Еиҳа активра аазырԥшыз жәларбжьаратәи атәылақәа 5 рахь иаҵанакит Индиа, Бангладеш, Китаи, Испаниа, Иран.

Урыстәыла рфотоҭыхыҩцәа, абжьааԥнеиԥш активра ду аадырԥшит.
Аноминациа "Сара сыпланета" ахь инашьҭын зегь реиҳа ирацәаны азыҳәақәа. Дара иаадырԥшуеит адунеи ганрацәала иаанарԥшуеит - аԥсабара, амилаҭеилазаара, атрадициақәа.
2014 шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны аицлабра иалахәхеит Никарагуа. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы аицлабра зхы алазырхәхьо атәылақәа рхыԥхьаӡара 130 ыҟоуп.
Аицлабра ажиури аусура хацнаркуеит мшаԥымзазы, асиа-кьаҿ рылаҳәахоит рашәарамзазы асаит stenincontest.ru. аҿы.
Открытие выставки победителей конкурса им. А. Стенина в Буэнос-Айресе - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2022
Стенин ихьӡ зху аиндаҭлараҿ жәларбжьаратәи ажиури рыӡбахә ҳәоуп

Аицлабра иазкны

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика жәларбжьаратәи аконкурс хықәкыс иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Аконкурс – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп.
Аиндаҭлара жәларбжьаратә информациатә партнерцәаны иҟоуп: аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik, аинформациатә маҵзура Askanews, амедиахолдинг Independent Media, аинформациатә маҵзура Telam, ажәабжьтә маҵзура ANA, ателеканали апортали RT, Shanghai United Media Group (SUMG), аинтернет-портал China Daily, аинтернет-портал The Paper, амедиа-ҳа Al Mayadeen, аетникатә фотосахьақәа Рфестиваль.
Ажәабжьқәа зегьы
0