Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Анна Гиурегиан Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артистка ҳәа ахьӡ лыхҵоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Пресс-показ спектакля Энджи Ханум в РУСДРАМе
Пресс-показ спектакля Энджи Ханум в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны атеатртә ҟазара аҿиараҟны актриса ллагаламҭазы аҳаҭыртә хьӡы лыхҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаҩит Атәыла ахада Аслан Бжьаниа.
АҞӘА, хәажәкыра 29 - Sputnik. Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр актриса Анна Гиурегиан Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артистка ҳәа ахьӡ лыхҵоуп. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Аԥсны атеатртә ҟазара аҿиараҟны ллагаламҭазы Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артистка ҳәа ахьӡ лыхҵазааит актриса, РУСДРАМ ахәыҷтәы студиа арҵаҩы Анна Размик-иԥҳа Гиурегиан", - ҳәа аҳәеит Аусԥҟаҟны.

Анна Гиурегиан РУСДРАМ аҟны аус луеит 2000 шықәса раахыс. Иналыгӡахьоу арольқәа ҵҩа рымам, аҵыхәтәантәи лусумҭақәа ируакуп Даур Занҭариа иповест "Енџьы-Ҳаным, зынасыԥ зцымныҟәаз" ала иқәыргылоу амоноспектакль аҟны лроль.
Пресс-показ спектакля Энджи Ханум в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2022
Аԥсны
Зынасыԥ зцымныҟәаз: РУСДРАМ амоноспектакль апресс-рбара мҩаԥысит
Ажәабжьқәа зегьы
0