Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра амедиацентр аартра ҵакыс иамоу далацәажәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ААР амедиацентр аадыртит Аҟәа аҩаша, хәажәкыра 29 рзы.
АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа амедиагәыԥ "Россия сегодня" анапхгаҩы Маргарита Симониан данидикылоз иазгәеиҭеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра амедиацентр аартра ҵакыс иамоу.
"Россия сегодня" аредактор хада Маргарита Симониани лыԥшәма - арежиссиор, амҩаԥгаҩ Тигран Кеосаиани Аԥсныҟа иааит хәажәкыра 29 рзы амедиацентр аартра иалахәхарц.
Иахьа шәареи ҳареи ҳазлахәхараны иҟоу аусмҩаԥгатә ҳара ҳзы даара аҵк ду амоуп, избанзар, имҩаԥысуа апроцессқәа зегьы ирызку ииашоу аинформациа аҭара - уи иабзоуроуп иарбанзаалак аус абжакы ақәҿиара аиура.
Встреча главы МИД РФ С. Лаврова и президента Абхазии А. Бжании - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа
Аԥсны ахада
Симониан лакәзар, иазгәалҭеит гәахәарыла амедиацентр аартра дшаҭаауа, аусеицура дшазхиоу.
"Ҳара гәахәарыла ҳашәҭааит, гәахәарылагьы амедиацентр аартра ҳалахәхоит. Ҳколлегацәа ҳацхыраара рҭаххозар, мап ҳкуам, иаҳдыруа ҳаигӡом, аусеицура ҳазхиоуп", – лҳәеит лара.
Ажәабжьқәа зегьы
0