Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

18-тәи алхратә ҭыԥ хадаҟны даҽа кандидатк иаԥшьгаратә ӷәыԥ ашәҟәы иҭарҩит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента Абхазии. ЦИК
Выборы президента Абхазии. ЦИК - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2022
Анапаҵаҩра
2022 шықәса лаҵарамза 14 рзы Гәдоуҭатәи 18-тәи алхратә ҭыԥ хадаҿы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 рзы акандидатцәа аӡәгьы аиааиразы изхаша абжьы ахьимоуз азы.
АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Аԥсны АКХ аҿы алхырҭатә ҭыԥ хада №18 (Гәдоуҭатәи актәи) аҿы акандидат Беслан Ҭаркьыл адепутатрахь иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәы иҭаргалеит.
Аҩаша, хәажәкыра 29 рзы Аԥсны АКХ аҿы ари алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы ашәҟәы иҭанагалеит акандидат Лакербаиа Леонид адепутатрахь иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ.
Гәдоуҭатәи 18-тәи алхратә ҭыԥ хадаҿы лаҵарамза 14 рзы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 рзы акандидатцәа аӡәгьы аиааиразы изхаша абжьы ахьимоуз азы.
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
АКХ аҟны ашәҟәы иҭаргалеит Аԥсны Жәлар Реизарахь иалху 16-ҩык адепутатцәа
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы. Алхырҭатә ҭыԥ хадақәа рҿы 17-ҩык адепутатцәа алхын, даҽа 17 рҿы хәажәкыра 26 рзы аҩбатәи атур мҩаԥысит. 16 ҭыԥ хада рҿы алхрақәа шьақәгылеит. Аҟәа, алхратә ҭыԥ хада № 8 (Алашарбага) адепутатрахь акандидатцәа еиҟараны абжьы роуит. Убри аҟнытә ари аҭыԥ хадаҿы даҽа ҩымз рышьҭахь алхрақәа мҩаԥгахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0