Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны урыстәылазегьтәи акциа "10 000 шьаҿа аԥсҭазаарахь" иалахәхоит

CC0 / / Триатлон
Триатлон - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылазегьтәи акциа "10000 шьаҿа аԥсҭазаарахь" ԥшьышықәса раԥхьа ихацыркхеит.
АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Адунеизегьтәи агәабзиара амш иазку урыстәылазегьтәи акциа "10000 шьаҿа аԥсҭазаарахь" Аԥсны алахәхоит ҳәа аанацҳауеит Аҟәа ахадара.

Акциа амҩалкаа Иашҭхәа ақыҭа иалсны ицоит. Изҭаху зегьы рхы аладырхәыр ҟалоит.

Алахәылацәа рҽеизыргоит мшаԥы 3 асааҭ 09:00 азы аихамҩатә платформа "Гәыма" аҿы.
ААЕ абжьгарақәа инарықәыршәаны, ауаҩы игәабзиаразы есыҽны 6 000 - 10 000 шьаҿа дныҟәароуп.
Урыстәылазегьтәи акциа "10 000 шьаҿа аԥсҭазаарахь" ԥшьышықәса раԥхьа ихацыркхеит абарҭ абжьгарақәа ирықәыршәаны.
Аԥсны ауснагӡатә еиҿыркаауеит ААУ, Аҟәа ахадара, Аҿари аспорти русқәа рзы аилак, Аԥсны АҶА, Агәабзиарахьчара аминистрра, Россотрудничество, аклуб "Sportapsny", Guma GO.
Ажәабжьқәа зегьы
0