Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа ахадара 2021 шықәсазы 21 миллион инеиҳаны ацхыраагӡа-ԥара ршәеит

© Sputnik Томас ТхайцукЗдание администрации города
Здание администрации города - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2022
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 31 азы аҟәатәи ақалақьтә еизара аилатәараҿы ақалақь ахадара асоциалтә еиқәыршәара Аусбарҭа аиҳабы и.н. Мадина Ҳаразиаԥҳа еиҭалҳәеит аусбарҭа аусура шцо, уадаҩрақәас иамоу.
АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik. Аҟәа ахадара 2021 шықәсазы 21 миллиони 133 нызқьмааҭ ацхыраагӡа-ԥара ашәеит ҳәа лҳәеит ақалақь ахадара асоциалтә еиқәыршәара Аусбарҭа аиҳабы и.н. Мадина Ҳаразиаԥҳа аҟәатәи ақалақьтә еизара аилатәараҿы. Абри атәы аҳәоит ақалақь ахадара асаит.

Аусбарҭа аусура рыдҳәалоуп еиҳа иуашәшәыроу аҭагылазаашьа змоу атәылауаа – абыргцәа, зхала ахшара зааӡо анацәа, ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа, ҭынха дызмам, аинвалидцәа.

Ашәҟәы иҭагалоуп 11 нызқьҩык атәанчаҩцәа. Мадина Ҳаразиаԥҳа лажәаәқа рыла атәанчахәқәеи ацхыраагӡа-ԥарақәеи ршәаразы аусбарҭа еиҵахара амам.
Аҟәа ацхыраагӡа-ԥара роуиет 246 зхала иҟоу анацәа, 180-ҩык аинвалидцәа, 124-ҩык аинвалидцәа ирхылаԥшуа.
2021 шықәсазы 910 нызқьмааҭ рызшәоуп аԥхьатәи ахшара дзауыз. 2021 шықәсазы иит 179-ҩык аҟәаа.
Уи адагьы асоциалтә цхыраара аусуҩцәа 1864-ҩык ирҭааит. Урҭ рҟынтәи 165-ҩык аиарҭа иамоуп.
Абжьаҟаза: Гәылариа атәанчахәытә фонд ашәарақәа ирызкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2021
Арадио
Абжьаҟаза: Гәылариа атәанчахәытә фонд ашәарақәа ирызкны
Аизара ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Дмитри Осиа иазгәеиҭеит ацхыраагӡа ашьҭыхра шазԥхьагәаҭоу, аха ақалақь абиуџьет уи макьаназы ишацәыцәгьоу.
Аизара ахантәаҩы Иракли Харчылаа иҳәеит сынтәа абиуџьет ахашәала еизҳар хымԥада ацхыраагӡақәа ирыцҵахоит, урҭ рахьынтәи ирацәоуп акыр шықәса раԥхьа ирыдаркылаз ҳәа.
Адепутатцәа Аусбарҭа 2021 шықәса русура бзиоуп ҳәа ахырҳәааит.
Ажәабжьқәа зегьы
0