Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ашьапылампыл бзиа избо рыбжьара аҩбатәи ачемпионат аатуеит астадион "Совмин" аҿы

© Sputnik / Леон Адлейба Футбол
Футбол  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2022
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл абзиабаҩцәа рлига Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациеи аспорттә еиҿкаара Apsnу Sports Group еицырзеиԥшу проектуп.
АҞӘА, мшаԥы 1– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьапылампыл бзиа избо рыбжьара аҩбатәи ачемпионат аатуеит астадион "Совмин" аҿы мшаԥы 2, асааҭ 16:00 азы. Еиԥылоит акомандақәа "Легиони" "Леони" ҳәа Sputnik апресс-центр аҿы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы иҳәеит алига адиректор Кьагуа Кәарцхьиа.
"Ашьапылампыл бзиа избо рлига аиҿкаара аидеиа ҳаиҭеит Гиви Ҭодуа (аспорттә еиҿкаара Apsnу Sports Group адиректор – азгә.). ҵыԥх 26 команда ҳаман. Ачемпионат қәҿиарала еикәшарак иахысит. Ахәмаррақәа зегьы ҭыхны YouTube ахь инаҳашьҭит. Ахәмарыҩцәа анаҩс рыхәмаррақәа ирыхәаԥшуа, анализ рзыҟарҵо аҭагылазаашьа аԥҵан", - ҳәа иҳәеит иара.
Сынтәа иӡбоуп ачемпионат ҩ-лигакны – премьер-лигеи (12 команда) актәи алигеи (10 командак) ҳәа.

"Сынтәа Очамчыра араион акоманда ықәнамыргылеит, аха Гагра, Гәдауҭа, Бзыԥ, Аҟәа ркомандақәа рацәоуп. Иҟоуп урыстәылатәи арратә база акомандагьы. Ҳгәыӷуеит ахәмаррақәа аинтерес рыҵалап ҳәа" - иҳәеит Кәарцхьиа.

Ишиашоу авидиоеимадарала Лондонтә апресс-конференциа иҽалаирхәит аспорттә еиҿкаара Apsnу Sports Group адиректор Гиви Ҭодуа.
"Ашьапылампыл абзиабаҩцәа рлига Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациеи аспорттә еиҿкаара Apsnу Sports Group еицырзеиԥшу проектуп. 2020-2025 шықәсқәа рзы ашьапылампыл аҿиара аҳәаақәа ирҭагӡоуп. Иара ахархәарала зехьынџьара ашьапылампыл аизҳара ҳхықәкуп", - иҳәеит иара.
ПК Федерации футбола Абхазии по итогам года  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.12.2021
Аԥсны
Онлаин хәмаррақәеи VAR: ашьапылампылтә сезон аихшьаалақәа ҟарҵеит Sputnik апресс-центр аҿы
Актәи асезон ақәҿиара ахәшьара аҭо, Ҭодуа иазгәеиҭеит алига аҟазаара аҭаххара акомандақәа рырацәара ишаанарԥшуа.
"Сынтәа макьаназы иҟоу 22 команда роуп. Ҩ-форматк 4+1 (мшаԥы-абҵара) форматк 7+1 (абҵара-ԥхынҷкәын) еиҿкаахоит. Зеиԥшла ҵыԥх аасҭа акрмандақәа рацәоуп. Ҩ-сезонк рыла алахәылацәа рхыԥхьаӡара 672-ҩык ыҟоуп. Сгәыӷуеит еиҳагьы ҳаҽҳарҭбаап ҳәа" азгәеиҭеит Гиви Ҭодуа.
Иара убасгьы иҳәеит ишазԥхьагәаҭоу жәларбжьаратәи аицлабрақәа ирылахәхартә еизгоу акоманда аԥҵара.
Асистема инақәыршәаны акомандақәа ҩынтә-ҩынтә дара дара еицыхәмаруеит. Зынӡа 22 хәмарра мҩаԥгахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0