Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аминистрцәа Реилазаара атәыла Аӡытә кодекс аус адулара хнаркәшеит

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРицинский реликтовый национальный парк
Рицинский реликтовый национальный парк - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2022
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы ари аусхк аҟны азинтә гәаҭарақәа 1974 шықәсазы ишьақәырӷәӷәаз Қырҭтәылатәи ССР Аӡытә кодекс ала ауп ишымҩаԥырго.
АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Атәыла ахада иахь инаишьҭит Аԥсны аҳәынҭқарра Аӡытә кодекс апроект Жәлар Реизараҟны ахәаԥшразы ирыдигаларц, иара убас "Аԥсны аҳәынҭқарра Аӡытә кодекс" азакәан апроект, абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара асаит.
Аӡытә кодекс апроект аус адырулеит Аминистрцәа Реилазаара Аппарат аусзуҩцәа, абжьгарақәа рзы ирыдҵаалеит ари ахырхарҭаҟны адырра змоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәа.
Аӡытә кодекс аԥҟарақәа инарықәыршәаны, Аԥсны иҟоу аӡытә хыбрақәеи адгьылтә мазареи аҳәынҭқарра заҵәык ауп изтәу, аха изҭаху ахархәаразы рыҭара алшоит. Иара убас, ашәҟәқәа рҿы иарбоуп, хәыда-ԥсада ахархәара аныҟалои, акоммерциатә ҟазшьа анамоуи. Аӡмазара ахархәаразы иҟоу аиҭакрақәеи азеиԥш информациеи аҳәынҭқарратә аӡытә сиаҟны иарбазаауеит.
Апроект аҟны атәыла иамоу аӡытә хыбрақәа рыхьчара ахырхарҭа хаз хны иарбоуп, уаҟа иазгәаҭоуп аӡытә хыбрақәа рҟны зымҩаԥгара ҟамло аусқәа, аӡытәи аԥшаҳәатәи аҵакырақәа рҟны аԥкра цҵақәа алагалазаауеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0