Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи аракетақәа УАМ рџьаԥҳанытә ҵәахырҭақәа ԥыржәеит

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация на границе Крыма с Украиной
Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2022
Анапаҵаҩра
Арратә операциа иалагазар, Украина иҭархоуп 200 ҳаирплани вертолиоти, 353 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 216 зенит-ракетатә комплекс, 1839 танки акәылӡымашьынеи, 202 реактивтә система, 773 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 1711 ак автомабилтә техника.
АҞӘА, мшаԥы 1 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа абџьар ҷыда ахархәарала иҭадырхеит Украина арратә ргыларақәа фба: аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хәба, абылтәыҵәахырҭақәа акы ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла ААР.

"Урыстәылатәи аруаа абџьар ҷыда ахархәарала иҭадырхеит Украина арратә ргыларақәа фба: Богуславск, Крестишьч, Резников, Велики Новоселка рҟны аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хәбеи абылтәыҵәахырҭақәа аки", - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Уи адагьы аусбарҭа адыррала уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа иҭархоуп 40-ҩык амилаҭеилыхыҩцәа – хаз иго 57-тәи амотошьаҟатә бригада алахәылацәа, артиллериатә батареиак, БМПқәа ҩба, автомашьынақәа ԥшьба.
Урыстәыла аоператив-тактикатә авиациа России ааха рырҭеит 52 Украина арратә хыбрақәа. Урҭ рҟынтәи адҵаҟаҵаратә ҭыԥқәа хԥа, ареактивтә системақәа хԥа, азенит-ракетатә комплекс "Бук-М1", арадиолокатор, азенит-ракетатә комплекс С-300 ақәырԥшыга, арратә техника ргыларҭақәа жәаба, икажьын авертолет Ми-8, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 8 "Байрактар ТБ-2" назлоу.
Лугансктәи жәлар Рреспублика ар ажәылара ишаҿыц иаҿуп. Амацәаз иҭакуп аиланхарҭа Кременнаиа, иахыкәшоуп аиланхарҭа Метелкино.
Пожар на нефтебазе в Белгородской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Белгород анефҭбаза амца акит украинатәи авертолиотқәа ржәылара иахҟьаны
Украина арратә операциа иалаган жәабран 24 азы. Урыстәылатәи ар рыцхыраарала Лугански Донецки ареспубликақәа рыруаа аиланхарҭақәа рҭарцәра иаҿуп.
Хәажәкыра 25 азтәи адыррақәа рыла аоперациа актәи аетап адҵақәа нагӡоуп. Аоперациа ахықәкы хада Донбасс ахақәиҭтәроуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0