Ҭырқәтәыла ахада агәаҳәара ааирԥшит Урыстәылеи Украинеи рхадацәа реиԥылара аиҿкаара

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент Турции Р. Т. Эрдоган
Президент Турции Р. Т. Эрдоган  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2022
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 29 Сҭамԥыл Долмабахча аҳҭынраҿы имҩаԥысит урыстәылатәии украинатәии аделегациақәа реиԥылара. Урыстәылатәи аделегациа напгара азызуаз Владимир Медински аиҿцәажәара "хаҳара" аман ҳәа ахиҳәааит.
АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik. Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таиип Ердоган Урыстәыла ахада Владимир Путин ҭелла даницәажәоз агәаҳәара ааирԥшит Урыстәылеи Украинеи рхадацәа реиԥылара аиҿкаара, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости ҭырқәтәылатәи ахада иусмҩаԥгараҭа шьаҭас иҟаҵаны.

"Ердоган иҳәеит аҩ-ганк рзы ишхадоу аиҿцәажәара хшыҩла азнеира. Иазгәеиҭеит Ҭырқәтәыла аҭынчразы имҩаҧнаго аҽазышәарақәа ирыбзоураны Урыстәылеи Украинеи рхадацәа реиҧылара алыршахарц шаҭаху", - ҳәа аҳәоит аусмҩаԥгарҭа аацҳамҭаҿы.

Иара убас, аицәажәараҿ аҳәынҭқарра ахадацәа азааҭгылеит Стамԥыл имҩаԥсыз аурыс-аукраин еиҿцәажәарақәа рлҵшәақәа. Владимир Путин ҭырқәтәылатәи иколлега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит аиԥыларазы иҟаиҵаз ацхыраараз. Ҭырқәтәыла ахада иазгәеиҭеит, аурыс-украинатәи аделегациақәа Сҭамбыл реиԥылара аҭынчраз агәыӷра шырнаҭуа.
Ердоган Путин ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ҭырқәтәылатәи ауааԥсыреи ахәҳаахәҭратә ӷбақәеи Украинантәи ахымца аалгараан иҟарҵаз ацхыраараз.
Аганқәа Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәарақәа ахәшьара арҭеит, аԥхьаҟагьы реинырразы еицәажәеит.
Урыстәыла арратә аоперациа ҷыда Донбасс иалагеит жәабран 24 азы. Уи аахыс аганқәа аиҿцәажәарақәа рзын изныкымкәан еиқәшәахьеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0