Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аҿахәы зҳәоз: иԥсҭазаара далҵит ҳџьынџьуаҩ, ажурналист Сезаи Папба

© Foto / Союз журналистов АбхазииСезаи Папба
Сезаи Папба - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2022
Анапаҵаҩра
Сезаи Папба - аԥсуа мҳаџьырқәа рхылҵшьҭра, Аԥсны иазкны Ҭырқәтәыла иҭыҵыз раԥхьатәи агазеҭ автор, Владислав Арӡынба Ҭырқәтәыла даннеиуаз ицхырааҩыси иеиҭагаҩыси дыҟан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иԥсадгьыл ахь дхынҳәны аинформациатә фронт аҿы аус иуан.
АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik. Иԥсҭазаара далҵит ажурналист Сезаи Папба, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла.
"Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла гәалсра дула адырра ҟанаҵоит, иааларҟьаны ихьыз ачымазара бааԥсы иахҟьаны, иԥсҭазаара дшалҵыз ҳџьынџьуаҩ, ажурналист нага Сезаи Папба (Бабакуш), иагьрыдышшылоит иуацәеи иҭынхацәеи", - ҳәа иануп адышшылараҿы.
Сезаи Папба (Бабакуш) диит 1959 шықәсазы Ҭырқәтәыла Сакариа аҿацә Ҳендеқь араион Калаиык ақыҭаҿ. Сҭампылтәи Ауниверситет ажурналист изанааҭ ала даналга нахыс, Ҭырқәтәыла еицырдыруа агазеҭқәеи, аинформациатә агентрақәеи рҿы аусура напаиркит. 1990 шықәсазы атәылаҿы иреиҳаӡаз агазеҭ "Ҳәырриеҭ" ("Hürriyet") аекономикатә ҟәша редакторс даман.
Иара убри аамҭазы ауп Аԥсныҟа дааны Владислав Арӡынба аекономикатә зҵаарақәа рганахьала ицхырааҩыс аусура даналага. 1992 шықәса ԥхынгәымзазы адиаспораа ирызкны ҭырқәшәала раԥхьаӡатәи агазеҭ "Абҳазиа" ҭижьит. Ҭырқәтәылантәи иааны Аԥсныҭәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵара зҵоз аҿар ицырхырааны иҭижьуан ари агазеҭ.
© Foto / Союз журналистов АбхазииВладислав Ардзинба и Сезаи Папба
Владислав Ардзинба и Сезаи Папба - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2022
Владислав Ардзинба и Сезаи Папба
1992 - 1999 шықәсақәа рзы Ҭырқәтәыла изныкымкәа иаҭаахьаз Владислав Арӡынба дарӷьажәҩаны дицын, аофицалтә еиԥыларақәа рҿы еиҭагаҩыс диман, аделегациа амҩаԥгаҩцәа дыруаӡәкын.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, Сҭампыл иеиҿкааз "Кавказ-Аԥсны Адгыларатә Комитет" аиҿкааҩцәа дрылан, анапхгарагьы далахәын. Аԥсуа еибашьцәа Гагра ахақәиҭтәра аналдырша ашьҭахь Гәдоуҭа дааны Ҭырқәтәылатәи ҳдиаспореи Аԥсни еимыздоз, насгьы Аԥснытәи ажәабжьқәа уахь ирылазырҵәоз дыруаӡәкын.
© Foto / Союз журналистов АбхазииСезаи Папба
Сезаи Папба - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2022
Сезаи Папба
Аибашьра анеилга ашьҭахьгьы Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа Рминистырра рыҽимаданы ҳхьыԥшьымразы ақәԥара даҿын. Аԥсны аблокада ианҭакыз аамҭазы ахныҟәгаразы раԥхьа Москваҟа, нас дук мырҵыкәагьы Ҭырқәтәылаҟа диасыр акәхеит. Уаҟа ихатәы усқәа инарываргыланы "Аԥсны Аҩызцәа" захьӡыз агәыԥ аԥиҵеит.
Аԥсуа усқәа ирызкны аизарақәеи, аконференциақәеи, аиԥыларақәеи уҳәа реиҿкаара дшаҿыз даҿын, имаҷымкәагьы Аԥсны иазкыз ашәҟәқәа редакторс дрыман. Еиуеиԥшым ателеканалқәа рҿы Аԥсны аҳәынҭқарратә политика ахьчаразы дықәгылон, агазеҭқәеи ажурналқәеи рҿы астатиақәа аниҵон.
Дыхҭазкыз ачымазара бааԥс иахҟьаны мшаԥымза 1 азы иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит.
Ажәабжьқәа зегьы
0