Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аԥснытәи аинвестициатә форум" ҽазны иахьыҟало иҳәеит адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы

© Sputnik / Томас Тхайцук Абхазский Инвестиционный форум в Сочи
Абхазский Инвестиционный форум в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2022
Анапаҵаҩра
Ахәаша Аԥсны ААР мшаԥы 1 азы аҳәамҭа ҟанаҵеит иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа агәаанагареибыҳәаратә мобилтә ҭыԥ "Аԥснытәи аинвестициатә форум" шаартхо.
ШӘАЧА, мшаԥы 2 - Sputnik. "Аԥснытәи аинвестициатә форум" мҩаԥгахоит Подмосковье, Санкт-Петербург, Тула, абри атәы иҳәеит Аԥсны ААР аиҳабы Инал Арӡынба.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсназы аҵак ду шамоу афорум раԥхьаӡа Шәача иахьымҩаԥгахаз.
"Ҳара агәыӷра ҳамоуп Аԥсны аӡбахә ииашаны ацәыргара, аинвесторцәа аусеицурахь рааԥхьара. Ҳара зегьы ҳарзыԥшуп, Аԥсны ашәқәа аартуп, ҳара ҳасасдкылара у наҩ дыхнахуеит, асасцәа еснагь ҳреигәырӷьоит", - ҳәа азгәеиҭеит Арӡынба.
Иара иажәа иацҵо иҳәеит ареспубликаҿы мҽхакы ҭбаала ишалагаз атәыла аинвестициатә хыԥша аиӷьтәразы аусура. Аԥсны аиҳабыра Москва ицан ирԥылоит Урыстәыла аиҳабыра рофициалтә хаҭарнакцәа.
"Ҳара ҳзы, Аԥсны Аҳәынҭқарразы, аинветициақәа аҵак ду рымоуп. Ҳара излеилаҳкаауа ала, абиуџьет иалало аԥара аизырҳаразы аҩнуҵҟатәи алшарақәа усҟак ирацәаны иҳамам, убри азы ҳара ҳхы рықәкуп аҳәаанырцәтәи аинвестициақәа, раԥхьаӡа иргыланы - урыстәылатәиқәа", - иҳәеит ААР ахада.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит абарҭ ахықәкқәа рзы шакәу амобилтә агәаанагареибыҳәаратә ҭыԥ "Аԥснытәи аинвестициатә форум" зеиҿкааз.
"Мраҭашәара аганахьала асанкциақәа аналагалоу аамҭазы Аԥсны аинвесторцәа рзы еиҳагьы аинтерес аиур алшоит ҳәа инаҵишьит Арӡынба. Иахьа дҵа хадас иҳамоу - ҳреспублика аинвестициатә потенциал аарԥшроуп, уи иахьа иаҳа-иаҳа аҽарӷәӷәоит, адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьа иахьыԥшны. Мраҭашәара аганахьала иалагалоу асанкциақәа, изакәандоу аполитика аҽарҭбаауеит. Абри аҭагылазаашьаан аинвесторцәа аӡәырҩы рылаԥш Аԥсны Аҳәынҭқаррахь идырхеит", - ҳәа иажәа иациҵеит аминистр.
Инал Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2022
Аԥсны
Арӡынба Қырҭтәыла имҩаԥнаго аинформациатә еибашьраан аинвестфорум ҵакыс иамоу атәы иҳәеит
Ахәаша Аԥсны ААР мшаԥы 1 азы аҳәамҭа ҟанаҵеит иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа агәаанагареибыҳәаратә мобилтә ҭыԥ "Аԥснытәи аинвестициатә форум" шаартхо.
Афорум мҩаԥгалахоит ахәаахәҭра-економикатәи аинвестициатәи ускқәа рҿы Аԥсны аусацура еиҳа иазҿлымҳахар зылшо Урыстәыла арегионқәа рҿы.
Маргатира Симоньям  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2022
Аԥсны
Симониан: Аԥсны хымԥада аизҳазыӷьара аԥеиԥшуп
Ажәабжьқәа зегьы
0