Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахәырбӷьыц иаҩызаз ажәа: Аҟәа апародиа ахәылԥаз шымҩаԥысыз

© SputnikВечер поэзии на станции Гума
Вечер поэзии на станции Гума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.04.2022
Анапаҵаҩра
Мшаԥымза 1 азы Аҟәа акультуратә хәышҭаара "Гәыма" аҿы имҩаԥысит алафҳәареи апародиеи рыхәылԥаз. Уи иалахәыз апоет Анатоли Лагәлаа иҳадигалоит аусмҩаԥгатә иазку анҵамҭа.
Ҳазну амза, мшаԥымза 1 азы ҿыц еиҿыркааз акультуратә хәышҭаара бзиа "Гәыма" аҿы аԥсуа поетцәа-апародистцәа имҩаԥыргеит аччареи алафи адунеизегьтәи рныҳәа иазку аиԥылара. Ари аиԥылара еиҿыркааит иагьаԥшәымацәан "Гәыма" аусзуҩцәа, уахь ааԥхьара рырҭеит апоетцәа - Владимир Занҭариа, Анатоли Лагәлаа, Гунда Кәыҵниаԥҳа, Гәында Сақаниԥҳа, аиуморист ҿа Адамыр Гәынба, иара убасгьы ҿыц аҩра иалагаз апоетцәа ҿарацәа, астудентцәа, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоу.
Аиԥылара аалыртит "Гәыма" аиҿкааҩцәа иреиуоу Шьарида Ҭыжәԥҳа. Уи иазгәалҭеит иахьатәи аиԥылара дара рзы даара аҵакы змоу аиԥылара шакәу, избанзар, араҟа иқәгылоит иахьатәи аныҳәа ду, аччареи алафи рымш ахь ишымҩахыҵыз апародиа ажанр аҿы аԥышәа змоу, акырынтә анапеинҟьабжь бзиақәа ирыԥсахахьоу ҳаԥсуа поетцәа.
Шьарида Ҭыжәԥҳа иара убасгьы иазгәалҭеит, иахьа ҳазҭагылоу аамҭа алахьеиқәра рацәаны ишацугьы, ҳара ҳарҿиаратә хәышҭаарақәа аус рулар шакәу, избанзар, ажәлар ргәы шьҭыхлатәуп агәырҩеи ахьааи зынӡа рыҽрырымҭарц азы.
Вечер поэзии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2022
Аԥсны
Аччара баҩ алоума: Аҟәа алафи аччареи рымш азгәарҭеит
Анаҩс лара ажәа лылҭеит аиԥылара ԥшӡа иацылҵарц апоет Гәында Сақаниаԥҳа. Гәында инарҭбаан далацәажәеит апародиеи, аепиграммеи, ашаржи ҳаԥсуа литератураҟны атрадициа бзиақәа шрымоу, убри аусԥшьа ацҵаразы иахьатәи ҳпоетцәа ҳпародистцәа ирылшо зегьы шыҟарҵо.
Гәында дцәажәан даналга, ажәа илҭеит апоет-академик Владимир Занҭариа. Владимир ипародиақәа рыԥхьара дрылагаанӡа, дазааҭгылеит ҳлитератураҿы апародиеи алафи рҭоурых, иҳәеит уи рҩымҭақәа рҿы рхы ишадырхәоз ҳпоетцәа-ҳаклассикцәа: Дырмит Гәлиа, Леонти Лабахәуа, Кьыршьал Чачхалиа, Шоҭа Ҷкадуа, Витали Амаршьан уҳәа ирацәаҩны. Иазгәеиҭеит, ари ажанр ҳаԥсуа поетцәеи ҳашәҟәыҩҩцәеи даара аус бзиан ишадыруло, аперспектива бзиагьы шамоу, азал дуқәа рҿы агәгәаҳәа напеинҟьарыла ишырԥыло.
© Foto / Шарида Тужба

Ахәырбӷьыц иаҩызаз ажәа: Аҟәа апародиа ахәылԥаз шымҩаԥысыз

Ахәырбӷьыц иаҩызаз ажәа: Аҟәа апародиа ахәылԥаз шымҩаԥысыз - Sputnik Аҧсны
1/3

Ахәырбӷьыц иаҩызаз ажәа: Аҟәа апародиа ахәылԥаз шымҩаԥысыз

© Foto / Шарида Тужба

Ахәырбӷьыц иаҩызаз ажәа: Аҟәа апародиа ахәылԥаз шымҩаԥысыз

Ахәырбӷьыц иаҩызаз ажәа: Аҟәа апародиа ахәылԥаз шымҩаԥысыз - Sputnik Аҧсны
2/3

Ахәырбӷьыц иаҩызаз ажәа: Аҟәа апародиа ахәылԥаз шымҩаԥысыз

© Sputnik

Ахәырбӷьыц иаҩызаз ажәа: Аҟәа апародиа ахәылԥаз шымҩаԥысыз

Ахәырбӷьыц иаҩызаз ажәа: Аҟәа апародиа ахәылԥаз шымҩаԥысыз - Sputnik Аҧсны
3/3

Ахәырбӷьыц иаҩызаз ажәа: Аҟәа апародиа ахәылԥаз шымҩаԥысыз

1/3

Ахәырбӷьыц иаҩызаз ажәа: Аҟәа апародиа ахәылԥаз шымҩаԥысыз

2/3

Ахәырбӷьыц иаҩызаз ажәа: Аҟәа апародиа ахәылԥаз шымҩаԥысыз

3/3

Ахәырбӷьыц иаҩызаз ажәа: Аҟәа апародиа ахәылԥаз шымҩаԥысыз

Инарҭбааз, даарагьы аинтерес зҵаз алагалажәа ашьҭахь, апоет диасит ипародиақәа рахь. Абраҟа иааҳгоит урҭ руак, иара ааигәа иҭыҵыз "Апародиақәа" захьӡу ашәҟәы ссиргьы ианын:
Аҟыз акәата ахылҵӡом…
Акәтаӷь арацәа ахылҵӡом,
Згәы ҭбаау дунеиҵас - дыӡӡом,
Идуӡӡоу ддуӡӡоуп - гәыла,
Дфырхаҵоуп уи - зегь рыла…
Рауль Лашәриа
Акәтаӷь арацәа ахылҵӡом,
Аҟыз акәата ахылҵӡом.
Аха саашәыргәамҵыр,
Иҟалоит жәеинраалак алҵыр…
Идуӡӡоу ддуӡӡоуп, гәыла,
Дфырхаҵоуп уи зегь рыла!
Дабашәҭаху ачычиа,
Ахәырҭлаӷь, адыӷаҷиа?
Акәтаӷь арацәа агәылҵӡом,
Уи зынӡа ишаҟәазар…
Аҟыз акәата ахылҵӡом,
Урҭ руак нашԥазар…
Машәыршәа ибрызар сажәа,
Нас акырсзырҽеима?!
Шьҭа уаангыл ҳәа сашәҳәар,
Сашьҭалап ҽа темак…
Акәтаӷь арацәа агәылҵӡом,
Аҟыз акәата ахылҵӡом,
Сышьҭнахт ус сышгәаҭеиуаз,
Арифмақәа рыӡлеира!..
Владимир Занҭариа ипародиақәа дрыԥхьан данрылга, акыраамҭа анапеинҟьара еиқәтәомызт. Нас, амҩаԥгаҩ Гәында Сақаниаԥҳа ажәа илҭеит апоет Анатоли Лагәлаа. Уи дрыԥхьеит аҵыхәтәанӡатәи иепиграммақәеи ипародиа ҿыцқәеи. Урҭ рыхәҭак абраҟа ишәзааҳгоит:
Апарламент ахь
Иаашьҭалҵан минауаҭра,
Гунда ддәықәлеит депутатра!..
Ишахәҭоу аԥсшәаҵәҟьа рҳәауам,
Иаадмырҵакәагьы - схынҳәуам!..
***
Еиқәыбгаша, амшгьы хымжьжьеит,
Ҳкандидатцәа, рыжәлар рзымжьеит!!!
***
Амра ҭашәеит нахьхьиӡа акәапаҳәа,
Ҳалашарагь ԥсуеит!..
Идмырцәар, иџьаҳшьоит, ирыхьи иахьа ҳәа, Идырцәар - ҳаӷьуеит!..
***
Иахьагьы илакәысшьоит, Сергеи Гындиа исеиҳәаз. Исаҳазеи, диид!?
Зегь рыхә ианрыцла, амаинингқәа ааихәарц, Ихылԥарч иҭиит!..
***
Азакәанқәа ыҟам рҳәеит ара,
Иӷьычуа дԥахны даанызкыло…
Уимоу, иақәшәазаап џьара,
Ацәгьа аиаша ангәыднакыло!..
Аӡәгьы ирҭаӡом гәыбӷан,
Дрыцҳауп иҟаҵәҟьоугьы ззымбо…
Иарбан ишәҭаху закәанс,
Иргаз уԥан уанзахымԥо?!
***
Рнап уаҳа иҭырымшьларц аҳәынҭқарра амакәан,
Имӷьычларц азыҳәан, ирҭахуп азакәан!..
Урҭ зынӡак ианырмыхәа, ԥыҭҩык ааизақәан,
Ирхәыцт, аха ирхәыци, рыхшыҩ ааиздыркәкәан!..
Ирхашәалаз арбан, шаҟаҟои идырҳаз,
Ирӡаз, ирзымӡаз, иабаргеи ирцәынхаз?!
Уӷьычыргьы амуа, всериоз, ма шутиа,
Ашьацҳәеиԥш идыргылеит, аҩажәатәи астатиа!
Аҳәынаԥқәа ирылахаз!..
Апародиа
"Аҳәынаԥқәа, аҳәынаԥқәа, аҳәынаԥқәа, аҳәынаԥқәа..."
Дырмит Габалиа
Са сзыбжьахьада, макьаназы суроуп,
Аха ҳаамҭа иахьаҭахугьы сцалоит...
Аҳәынаԥқәа ирылахаз ҳәынаԥра иуроуп,
Акылкәраашьагь ԥшьаала исҵалоит!..
Зны аԥш мыжда азыҳәан цамыжда сҭалан,
Уаашәҩык хырҷхырҷ ҟарҵауан!..
"Дабаанагеи ари, ацәҿыс мыхҭала!.."
Лхәы лырҭеит, ицәахьаз сан!..
Рызегь хәҭа-хәҭала анцәа ираҭәеишьаз рфозар,
Досу ичыхәчаҭра имоуп, ифааит!..
Саргь ҭшәарракаҿ сдыргылааит, атәыла мыбгозар,
Џьал исцәырҵәахуз амра сҿаԥхааит!..
Аха уаҳа умыԥсит, урҭ рааигәа снармышьҭит,
Сырҿаччеит, сырҿахәмарт, ҳампал!
Аҳәынаԥқәа ишырҭаху рца ду аҿ еиурыжьит,
Рхы аалмыҳәҳәо иалатәоуп рмал!..
Урҭ дара иртәым ифҩала дырдыруеит,
Рԥынҵа чыхәчыхәуеит даарбар!..
Адыдра ианаҿу еиԥш, рца зегь гәыргәыруеит,
Ихлахаҵгьы гьежьлозаап, даанхар!..
Шәхьынапқәа, шәхьынапқәа, шәхьынапқәа, шәхьынапқәа,
Сырныршәлан шәашәахь сыжәгаӡа!..
Ҳәынаԥра сзымургьы, аҳәынаԥқәа, аҳәынаԥқәа,
Акылкәраашьа ма исшәырҵа!!!
Анаҩс ажәа лырҭеит апоет Гунда Кәыҵниаԥҳа. Уи дазааҭгылеит иахьатәи амшныҳәа аҵакы, ҳпоетцәа зегьы ирзеиӷьалшьеит рыжәлар зырччаша, изырхәыцша, изырлахҿыхша ажәа есымша Анцәа ду ирҿаиршәларц. Нас диасит апародиақәа арахь. Абраҟа ииаҳгоит урҭ рахьтә акы:
Саанышәмыжьын, ахыркәыкәқәа, са схала!
Сеихоит, сеихоит, шьхацамҩала макьана,
Аха сызбода, сзаҳауада, ҽнак сыхәжәар?..
"Уԥсы ааиҭак!" - са сарҭаслымт нашанак,
Абар, сышәхымс иаахгылеит хынҩажәа…
Владимир Занҭариа
Сеихоит, сеихоит, шьхацамҩала макьана,
Макьана сшәеиҽырбоит, алафгьы сҳәоит!
Шәа шәыргәыбзыӷра сылшоит, уа смаџьанам,
Са сылаԥш-ԥхамшьа шәышьҭоуп, шәеимнадоит!..
Шәахьцалак ишәыцуп, ишәхьынҳалан,
Шәыҵк ԥшӡақәа шәышәнахыр аҭахуп!
Саанышәмыжьын, ахыркәыкәқәа, са схала,
Анкьеиԥш ҳаицыхәмарлар сҭахуп.
Ҽнак сыхәжәар, сызбада, сзаҳауада,
Уԥсы ааиҭак ҳәа сазҳәода сара?!
Сынашана еиӷьу зыԥшаауада,
Иамырҭеслымуа дарбану иара?!
Хынҩажәа ааины сышәхымс илагылоуп:
- Шьҭа иазхоуп, уарԥысым шьҭа уара.
Уаҩ иимбо амч ҷыда сылоуп,
Ацәиккра сгәы азыҳәахуеит еиҭа.
© Sputnik

Анатоли Лагәлааи Владимир Занҭариеи

Анатоли Лагәлааи Владимир Занҭариеи - Sputnik Аҧсны
1/5

Анатоли Лагәлааи Владимир Занҭариеи

© Sputnik

Владимир Занҭариа

Владимир Занҭариа - Sputnik Аҧсны
2/5

Владимир Занҭариа

© Sputnik

Гәында Сақаниаԥҳаи Гунда Кәыҵниаԥҳа

Гәында Сақаниаԥҳаи Гунда Кәыҵниаԥҳа - Sputnik Аҧсны
3/5

Гәында Сақаниаԥҳаи Гунда Кәыҵниаԥҳа

© Sputnik

Гәында Сақаниаԥҳа

Гәында Сақаниаԥҳа - Sputnik Аҧсны
4/5

Гәында Сақаниаԥҳа

© Sputnik

Адамыр Гәынбеи Асҭа Ҷкадуеи

Адамыр Гәынбеи Асҭа Ҷкадуеи - Sputnik Аҧсны
5/5

Адамыр Гәынбеи Асҭа Ҷкадуеи

1/5

Анатоли Лагәлааи Владимир Занҭариеи

2/5

Владимир Занҭариа

3/5

Гәында Сақаниаԥҳаи Гунда Кәыҵниаԥҳа

4/5

Гәында Сақаниаԥҳа

5/5

Адамыр Гәынбеи Асҭа Ҷкадуеи

Апоетцәа рҟынтәи аҵыхәтәан ажәа лгоит Гунда Сақаниаԥҳа. Уи даҽазныкгьы иеизаз ирыдныҳәало иахьатәи адунеизегьтәи аччаԥшь аныҳәа, дрылагоит лпародиақәа рыԥхьара. Урҭ рҟынтә абраҟа ииаҳгоит руак:
Сҭел аҿысхуеит… Зегьы ижәдыруаз…
Сҭел аҿысхуеит… Зегьы ижәдыруаз,
Уажәшьҭа сгылоит насҭхашәа.
Хәыҷи-дуи ҳаилаҭырраҿ,
Са сааԥсаҵәҟьеит уамашәа…
Владимир Занҭариа
Сҭел аҿысхуеит,
Сҭел аҿысхуеит,
Ма исыԥсахуеит,
Ма еихаскуеит.
Сыбз ҿасҳәоит,
Сыбз ҭаскуеит,
Сажәа ԥхасҵоит,
Сҭел аҿаскуеит.
Сыԥсы еиҭаскуеит,
Сааԥсаӡазаап,
Сышпоетыз сгәалашәазаап,
Сажәеинраала
Хьаԥшт са сышҟа,
Сыԥсы ҭазаап,
Снаԥшит хыхьҟа,
Сҭел аҽаскуеит
Смуза бзыҳәа,
Сҭел аҿысхуеит
Зегьы шәзыҳәа…
Сыбз ҿасҳәоит,
Сыбз ҭаскуеит,
Сҭел аҿысхуеит,
Сҭел аҿаскуеит!..
Аҵыхәтәан, аиԥылара ссир хдыркәшеит абаҩхатәра бзиаӡа злоу аиуморист Адамыр Гәынбеи, урысшәала зажәеинраалақәа ирыԥхьоз апоетцәа ҿарацәа рықәгыларақәеи рыла. Уи аҽны ари аиԥылара иалахәыз зегьы даҽазныкгьы агәра ргеит, аччаԥшьи алахҿыхреи зцу ажәа хаа, ажәа лаша, иахьатәи аамҭазы ахәырбӷьыц ишаҩызоу!..
Ажәабжьқәа зегьы
0