https://sputnik-abkhazia.info/20220403/aturistt-dyba-shacha-gagraa-akha-idyloit-1038455579.html
Атуристтә дәыӷба "Шәача" Гаграҟа ҩаԥхьа идәықәлоит
Атуристтә дәыӷба "Шәача" Гаграҟа ҩаԥхьа идәықәлоит
Sputnik Аҧсны
Атуристтә дәыӷба "Шәача" амаршрут Тҟәаԥс - Шәача - Гагра ала аныҟәара иалагеит нанҳәамза 2020 шықәса инаркны. 03.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-03T10:00+0300
2022-04-03T10:00+0300
2022-04-03T10:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсшьара
ауаажәларра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/0f/1031104643_0:161:3069:1887_1920x0_80_0_0_a14bf104a4e781d313da927ddbd654d5.jpg
СУХУМ, 2 апр - Sputnik. Атуристтә дәыӷба "Шәача" Гаграҟа ҩаԥхьа идәықәлоит мшаԥы 30 инаркны, абри атәы аанацҳауеит "Аԥснытәи аихамҩа".Туапсентәи адәыӷба ықәҵлоит шәахьала, ԥшьашала, хәашала, сабшала, мҽышала асааҭ 5:30 рзы, Гагра инеилоит асааҭ 11:35 рзы.Шьҭахьҟа адәыӷба Гагрантәи иқәҵлоит хашала, ԥшьашала, хәашала, сабшала, мҽышала асааҭ 18:50 рзы, Тҟәаԥс инеиуеит адырҩауха асааҭ 00:35 рзы.Ари адәыӷба иаҳа иркьаҿу амаршрут ала уныҟәар алшоит - Гагреи Шәачеи рыбжьара: шәахьала Гагра иқәҵуеит асааҭ 18:50 рзы, хашала – Шәачантәи асааҭ 8:05 рзы.Атуристтә дәыӷба "Шәача" аплацкарттә, акупетә, азеиԥш вагонқәа рыла ишьақәгылоуп, иара асовет аамҭаан ишыҟаз еиԥшны иҟаҵоуп, убри аан иахьатәи аамҭа аҭахрақәагьы ирықәшәоит. Авагон-ақьафурҭаҿы ауаа ирыдыргалоит аурыси аԥсуеи чысқәа, ирыдыргалоит ашә ықәџьны, апомидори аиаҵәареи ақәԥсаны, аџьаԥсандал, аԥсуаҵас аиҵаџь, ауасажьы згәылоу ахинкалқәа.
https://sputnik-abkhazia.info/20220321/urystylanti-asnya-iaku-abile-ala-aara-aloit-1038229953.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/0f/1031104643_169:0:2900:2048_1920x0_80_0_0_547da8646970335c78ec3b34d6da1021.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсшьара, ауаажәларра
ажәабжьқәа, аԥсшьара, ауаажәларра
Атуристтә дәыӷба "Шәача" Гаграҟа ҩаԥхьа идәықәлоит
Атуристтә дәыӷба "Шәача" амаршрут Тҟәаԥс - Шәача - Гагра ала аныҟәара иалагеит нанҳәамза 2020 шықәса инаркны.
СУХУМ, 2 апр - Sputnik. Атуристтә дәыӷба "Шәача" Гаграҟа ҩаԥхьа идәықәлоит мшаԥы 30 инаркны, абри атәы аанацҳауеит "Аԥснытәи аихамҩа".
Адәыӷба № 927/928 "Шәача" амаршрут Тҟәаԥс - Шәача - Гагра аан иаангылоит анаҩстәи аангыларҭақәа рҟны: Лазаревскаиа, Лоо, Дагомыс, Шәача, Адлер, Имеретиатәи акурорт, Весиолое, Цандрыԥшь.
Туапсентәи адәыӷба ықәҵлоит шәахьала, ԥшьашала, хәашала, сабшала, мҽышала асааҭ 5:30 рзы, Гагра инеилоит асааҭ 11:35 рзы.
Шьҭахьҟа адәыӷба Гагрантәи иқәҵлоит хашала, ԥшьашала, хәашала, сабшала, мҽышала асааҭ 18:50 рзы, Тҟәаԥс инеиуеит адырҩауха асааҭ 00:35 рзы.
Ари адәыӷба иаҳа иркьаҿу амаршрут ала уныҟәар алшоит - Гагреи Шәачеи рыбжьара: шәахьала Гагра иқәҵуеит асааҭ 18:50 рзы, хашала – Шәачантәи асааҭ 8:05 рзы.
Атуристтә дәыӷба "Шәача" аплацкарттә, акупетә, азеиԥш вагонқәа рыла ишьақәгылоуп, иара асовет аамҭаан ишыҟаз еиԥшны иҟаҵоуп, убри аан иахьатәи аамҭа аҭахрақәагьы ирықәшәоит. Авагон-ақьафурҭаҿы ауаа ирыдыргалоит аурыси аԥсуеи чысқәа, ирыдыргалоит ашә ықәџьны, апомидори аиаҵәареи ақәԥсаны, аџьаԥсандал, аԥсуаҵас аиҵаџь, ауасажьы згәылоу ахинкалқәа.