Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла аруаа Украина авиациеи Аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәеи рыдҵаҟаҵаратә Центр ықәырхит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВоенный парад в Киеве ко Дню независимости Украины
Военный парад в Киеве ко Дню независимости Украины - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи ар аракета ҷыдақәа рыла абылтәыҵәахырҭақәа ԥыржәеит. Урҭ рҟынтәи акәын николаевтәии донецктәии ахырхарҭақәа рҿы игылоу украинатәи ар былтәыла излеиқәдыршәоз.
АҞӘА, мшаԥы 4 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Украина авиациеи аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәеи (ПВО) рыдҵаҟаҵаратә Центр ықәыргеит иҳәеит абрифинг аҿы Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак, аинрал-маиор Игор Конашенков.
"Арратә ҳаиртә баӷәаза Васильков ааха аҭарала урыстәылатәи аруаа Украина авиациеи аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәеи рыдҵаҟаҵаратә Центр ықәыргеит", - иҳәеит Конашенков.
Министерство обороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.04.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Буча ауаа рацәа ршьызшәа Киев игәаранаҵаз иашам рҳәеит
Урыстәыла авиациа мышкы ала иҭадырхеит 42 арратә обиект: азенит-ракетатә комплексқәа хԥа ("Бук-М1" - акы, "Оса-АКМ" - ҩба), артиллериатә батареиақәа ҩба, ареактивтә системақәа ҩба, аракета-артиллериатә бџьар аҵәахырҭа, арратә техника агыларҭақәа ааба.
Арратә операциа иалагазар, Украина иҭархоуп 386 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 224 зенит-ракетатә комплекс, 1 918 танки акәылӡымашьынеи, 209 реактивтә система, 814 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 1789 ак автомобилтә техника.
Дым поднимается после атаки российской армии в Одессе - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.04.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Аурыс ар Одесса азааигәара анефҭаусадуларатә зауад ықәнахит
Хәажәкыра 24 раахыс Украина абџьарахыхра амҩаԥгаразы арратә аоперациа ҷыда цоит. Урыстәыла ахада Владимир Путин иҳәеит уи хықәкыс ишамоу киевтәи арежим аҟынтәи аашықәса агеноцид иҭагылоу ауааԥсыра рыхьчара. Уи азы Украина "абџьараҟәныхреи аденацификациеи" мҩаԥгатәуп иҳәеит иара. Урыстәылатәи Арбџьармчқәа икылкааны иқәыргоит арратә хыбрақәа, аҭынчуааԥсыреи аграждантә инфраструктуреи ԥырхага рымҭакәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0