Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак аҿы Амшын еиқәаҟынтәи америкатәи аӷбақәа зцаз рҳәеит

© Sputnik / Денис Петров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУкраинско-американские военные учения Sea Breeze-2015 в Черном море
Украинско-американские военные учения Sea Breeze-2015 в Черном море - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2022
Анапаҵаҩра
Пентагон аофициалтә хаҭарнак Џьон Кирби хәажәкыра 30 азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина иҟоу аҭагылазаашьазы америкатәи аӷбақәа ари арегион аанрыжьуеит ҳәа. Урҭ арахь рыхынҳәра аҿҳәарақәа рзы макьаназ акгьы рымӡбацт.
АҞӘА, мшаԥы 4 - Sputnik. Америкатәи аӷбақәа Амшын еиқәа иҭыҵит, избанзар Киев акваториа иахьаҵанакуа ашәарҭадара азеиҿымкааит, иӡсо аминақәа амшын ихылеит ҳәа иҳәеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Михаил Попов, агазеҭ "Комсомольская правда" аинтервиу аҭо.

Иҟоуп даҽа мзызкгьы. Уи "америкатәи акомандаҟаҵаҩцәа еилыркааит Урыстәыла арӷыӷкра ишаԥсам, дара рзы ашәарҭарақәа цәырнагар алшоит" иҳәеит иара.

"Аригьы амзызқәа ируакуп. Иара убасгьы украинаа Амшын еиқәаҿы ашәарҭара аҭыԥ арҭеит", - иҳәеит Попов.
Танкер ВМС США  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ЕАА Украинатәи ахҭысқәа ирхырҟьаны рыӷбақәа Амшын еиқәа аҟынтәи иҭыргеит
2022 шықәса жәабранмзазы америкатәи аинструкторцәа иазыҟарҵаз украинатәи амшынуаа Одесса, Очаков, Черноморск уҳәа иахьрыҵаркуаз 400 ԥырсал мина ықәдыргылеит. Урҭ рыхәҭак амшынцәқәырԥара ихнахит иҳәеит Попов.
Ажәабжьқәа зегьы
0