https://sputnik-abkhazia.info/20220405/mgyyrkhati--ashkolkhya-40-likvidambar-eiarait-1038487161.html
Мгәыӡырхәатәи ашколхәыҷқәа 40 ликвидамбар еиҭарҳаит
Мгәыӡырхәатәи ашколхәыҷқәа 40 ликвидамбар еиҭарҳаит
Sputnik Аҧсны
Ари аҵла аиҭаҳатәқәа ҳамҭас ашколхәыҷқәа ирырҭеит Аԥснытәи аҭҵаарадырратә абнатә ԥышәаратә станциаҟынтә. 05.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-05T10:13+0300
2022-04-05T10:13+0300
2022-04-05T10:13+0300
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/04/1038482876_0:43:828:509_1920x0_80_0_0_5e889ced8d699cea4e62a2521c489038.jpg
ГӘДОУҬА, мшаԥы 5– Sputnik, Бадри Есиава. Аекологиатә акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Мгәыӡырхәатәи ашкол аҵаҩцәа ашкол аҵакыраҿы еиҭарҳаит 45 ликвидамбар ҳәа еиҭалҳәеит ауаажәларратә екологиатә еиҿкаара "Аԥсабара" ахантәаҩы Асҭанда Џьниаԥҳа.Џьниаԥҳа иазгәалҭеит акциа 2021 шықәсазы IRCCR ауаажәларратә екологиатә еиҿкаара "Аԥсабара" иаанартыз аеко-клуб аусура ахыркәшара ишазкыз.Апроект нарыгӡоит ЕАР аҿиара апрограммеи жәларбжьаратәи аҿиара Швециатәи амаҵзуреи рыдгыларала.IRCCR асоциалтә даҟьақәа рҿы иазгәаҭоуп аклуб аҿы аҽазыҟаҵарақәа мызкахь ҩынтә-хынтә ишымҩаԥысуаз. Рҵара ахыркәшамҭаз аҵаҩцәа имҩаԥыргеит асеминар, уаҟа еиҭарҳәеит ахатәы екологиатә проект аҩреи анагӡареи шалшо.Зынӡа Аԥсны апроект IRCCR аҳәаақәа ирҭагӡаны иаԥҵоуп аеко-клубқәа хәба: Мгәыӡырхәа (Гәдоуҭа араион), Шьашьикәара (Гал араион) ашколқәа, Гагратәи абжьаратә школ №1, Пицундатәи абжьаратә школ №2, иара убасгьы аекологиатә центр "Аԥсабара". Ликвидамбар – зыбӷьы каԥсо аҵла дуқәа, 25 - 40 метра ирызҳауеит.Ликвидамбар ахкқәа рхы иадырхәоит аԥхынра ахьшоуроу аҭыԥқәа рҿы рԥшӡагас.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/04/1038482876_47:0:782:551_1920x0_80_0_0_5ece4a15fb0086a2eb800568d9620d01.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Мгәыӡырхәатәи ашколхәыҷқәа 40 ликвидамбар еиҭарҳаит
Ари аҵла аиҭаҳатәқәа ҳамҭас ашколхәыҷқәа ирырҭеит Аԥснытәи аҭҵаарадырратә абнатә ԥышәаратә станциаҟынтә.
ГӘДОУҬА, мшаԥы 5– Sputnik, Бадри Есиава. Аекологиатә акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Мгәыӡырхәатәи ашкол аҵаҩцәа ашкол аҵакыраҿы еиҭарҳаит 45 ликвидамбар ҳәа еиҭалҳәеит ауаажәларратә екологиатә еиҿкаара "Аԥсабара" ахантәаҩы Асҭанда Џьниаԥҳа.
"Хә-екологиатә гәыԥ ҳамоуп. Гәыԥ-цыԥхьаӡа апроект азнархиеит агрантқәа роуразы. Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа ирҭаххеит рҵараиурҭа аҵакыра дырԥшӡарц, аиҭаҳатәқәа ирыҳәеит. Ари аҵла аиҭаҳатәқәа ҳамҭас ашколхәыҷқәа ирырҭеит Аԥснытәи аҭҵаарадырратә абнатә ԥышәаратә станциаҟынтә", - ҳәа лҳәеит лара.
Џьниаԥҳа иазгәалҭеит акциа 2021 шықәсазы IRCCR ауаажәларратә екологиатә еиҿкаара "Аԥсабара" иаанартыз аеко-клуб аусура ахыркәшара ишазкыз.
Апроект нарыгӡоит ЕАР аҿиара апрограммеи жәларбжьаратәи аҿиара Швециатәи амаҵзуреи рыдгыларала.
IRCCR асоциалтә даҟьақәа рҿы иазгәаҭоуп аклуб аҿы аҽазыҟаҵарақәа мызкахь ҩынтә-хынтә ишымҩаԥысуаз. Рҵара ахыркәшамҭаз аҵаҩцәа имҩаԥыргеит асеминар, уаҟа еиҭарҳәеит ахатәы екологиатә проект аҩреи анагӡареи шалшо.
Зынӡа Аԥсны апроект IRCCR аҳәаақәа ирҭагӡаны иаԥҵоуп аеко-клубқәа хәба: Мгәыӡырхәа (Гәдоуҭа араион), Шьашьикәара (Гал араион) ашколқәа, Гагратәи абжьаратә школ №1, Пицундатәи абжьаратә школ №2, иара убасгьы аекологиатә центр "Аԥсабара".
Ликвидамбар – зыбӷьы каԥсо аҵла дуқәа, 25 - 40 метра ирызҳауеит.
Ликвидамбар ахкқәа рхы иадырхәоит аԥхынра ахьшоуроу аҭыԥқәа рҿы рԥшӡагас.