Милонов ажәалагала ҟаиҵеит хәышықәсатәи асистема ырхынҳәызарц иреиҳау аҵараҵараҿ

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВозобновление очного обучения в вузах
Возобновление очного обучения в вузах - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2022
Анапаҵаҩра
2003 шықәса раахыс Урыстәылатәи аҵараҵаратә система европатәи астандартқәа ирықәшәо иҟаҵоуп, "Болонтәи асистема" иазԥхьагәанаҭоит ҩ-хәҭактәи - абакалаври амагистратуреи рҿы аҵараҵара.
АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik. Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Витали Милонов ажәадгала ҟаиҵеит Урыстәылазы итрадициаз хәышықәсатәи асистема ырхынҳәызарц иреиҳау аҵараҵараҿ ҳәа аҩуеит RT Аҭҵаарадырреи ириеҳаӡоу аҵареи рминистр Валери Фальков иахь адепутат изыҳәа шьаҭас иҟаҵаны.
Милонов игәаанагарала мраҭашәаратәи атәылақәа рҿы урыстәылатәи адипломқәа разхамҵара Болонтәи асистема хра амоу иамаму ҳәа азҵаара цәырнагоит. Уи адагьы занааҭқәак рҵараан хәышықәса еиҵамзароуп ирзоужьу аамҭа.
"Аҵыхәтәантәи аамҭақәа реиҭакра азгәаҭо абри аԥшьгамҭа – Урыстәылазы итрадициаз хәышықәсатәи асистема азыхынҳәра шәазхьаԥшыр сҭахуп", - аҳәоит адепутат изыҳәа.
Болонтәи аҵаратә система 1999 шықәсазы иалагалан иреиҳаӡоу аҵараз иаку европатәи аҵакыра аԥҵаразы.
Урыстәыла ари апроцесс 2003 шықәсазы иалалеит.
Ус шакәугьы асистема изныкымкәа акритика азырухьеит, аусураҭаҩцәа абакалаврцәа инаӡам иреиҳау аҵара змоу ракәны иахьыршьо азы.
Торжественное открытие Одинцовского филиала МГИМО - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.04.2022
Аԥсны
Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет МГИМО аҭаларазы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит
Ажәабжьқәа зегьы
0