Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Сафарбеи Мқанба Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ ихаҭыԥуаҩыс далхуп

© Sputnik / Асмат Цвижба Сафарбей Миканба
Сафарбей Миканба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2022
Анапаҵаҩра
2021 шықәса хәажәкыра 31 аахыс Сафарбеи Мқанба Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩыс дыҟан.
АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент аҿы Сафарбеи Мқанба Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ ихаҭыԥуаҩыс далырхит.
Мқанба Сафарбеи Тарас-иԥа диит 1961 шықәса мшаԥы 9 рзы, Афон ҿыц ақалақь аҿы.
1986 шықәсазы Аԥснытәи ААУ аҭоурых-зиндырратә факультет қәҿиарала далгеит.
1987 шықәса мшаԥымза 26 инаркны жьҭаарамза 8 аҟынӡа Аҟәа ақалақь апрокуратураҿы аус иуан астажиорс, нас – 1988 шықәса рашәара 15 рҟынӡа Тҟәарчал ақалақь апрокуратураҿы стажиорс.
Верховный суд - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2021
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ ҿыц далхуп
Рашәара 15, 1988 шықәса инаркны мшаԥы 18, 1988 шықәсанӡа Тҟәарчал ақалақь апрокуратура усҭҵааҩ еиҳабыс дыҟан.
Мшаԥы 18 1988 шықәса инаркны мшаԥы 18, 1990 шықәсанӡа Тҟәарчал ақалақь апрокурор ихаҭыԥуаҩыс дыҟан, анаҩс - жьҭаара 29, 1993 шықәсанӡа – прокурорс.
1990 шықәса абҵара 21 инаркны 1993 шықәса жьҭаара 29 нӡа Тҟәарчал ақалақь апрокурорс дыҟан.
1993 шықәса жьҭаара 29 инаркны 2001 шықәса абҵара 12 нӡа Аҟәа араион апрокурорс дыҟан.
2001 шықәса абҵара 12 – 2007 шықәса жәабран 7 – Аԥсны апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ.
2007 шықәса жәабран 7 – 2014 шықәса рашәара 5 – Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокурор хада.
Мшаԥы 12, 2011 шықәсазы ианашьан аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара.
2021 шықәса хәажәкыра 31 азы Сафарбеи Мқанба Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩыс далхуп.
Дҭаацәароуп. Ҩыџьа аԥҳацәа драбуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0