Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагба Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла алалара азҵаара иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагба Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла алалара азҵаара иазкны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла алалара азҵаара ирацәаны ацәажәарақәа захылҿиаази, насгьы ишԥаҟалеи жәларык еицырзеиԥшыз аҳәынҭқарра еиҟәыҭханы, абри атәы арадио sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Цхинвал хара имгакәа азинҟазшьа змоу ауснагӡатәқәа ирылагоит Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла иалаларазы. Иааит аамҭа, Аахыҵ Уаԥстәыла аҩныҟа, Урыстәылаҟа игьежьыроуп Ҟрым аиԥш ҳәа иҳәеит РИА Новости аинтервиу аҭо ареспублика ахада Анатоли Бибилов.
"Иаалырҟьаны амилаҭ ирыларҳәаз Аахыҵ-Уаԥстәыла ареферендум мҩаԥыргоит Урыстәыла алаларазы ҳәа аҳәамҭа иамоуп ҩ-мзызск. Раԥхьа – иаарласны имҩаԥысраны иҟоуп апрезидент иалхрақәа. Уа аполитикатә мчқәа ақәԥара рымоуп. Анатоли Бибилов аԥыжәара имазаргьы, аиааира игоит ҳәа агәра ганы дыҟаӡам. Атәыла аҩнуҵҟа ауааԥсыра еснагь агәаԥхара рыман Урыстәыла адлара азҵаара. Уажәы изцәырҵызгьы, адгылара бзианы иоурцаз ауп. Аҩбатәи амзыз – Украина акәша-мыкәша иҟалаз ахҭысқәа роуп. Ицәырҵыз даҽа ҩ-республикак ахьыԥшымра роузаргьы, анаҩс имаԥыргоит ареферендум Урыстәыла алаларазы. Аха абраҟа иҳәатәуп, уи иаанагаӡом Урыстәыла ақәшаҳаҭны адлара азҵаара рыӡбоит ҳәа. Урыстәыла иахьазы даҽа зҵаарақәак еиҳау рҿаԥхьа иқәгылоуп. Украинатәи акризис ашьҭахь иҟалар ауеит еиҭа аҳәынҭқаррақәа, ҩба ракәымкәа,еиҳаны. Иахьа Аахыҵ-Уаԥстәыла ицәырҵыз азҵаара Урыстәылагьы иргәаԥхаӡом ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Ҳагба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0