Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи аруаа Украина иахьаҵанакуа 30 биолабораториа аадырԥшит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛаборатория по производству реагентов для экспресс-тестов на коронавирус в "Сколково"
Лаборатория по производству реагентов для экспресс-тестов на коронавирус в Сколково - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла изныкымкәа иазгәанаҭахьан ҳәынҭқаррақәак абиологиатә бџьар аламырҵәараз рхыдҵақәа шынармыгӡо, уи азы аҽазнашәон ахылаԥшра азинтә механизм аԥҵара. Аха ари аԥшьгамҭа 20 шықәса инарзынаԥшуа ЕАА мап ацәнакуан.
АҞӘА, мшаԥы 7 - Sputnik. Украина аоперациа ҷыдаан урыстәылатәи ар 30 рҟынӡа америкатәи абиолабораториақәа рыԥшааит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости арадиациатә, ахимиатә, абиологиатә хьчара ар (РХБЗ) реиҳабы Игор Кириллов иажәақәа шьаҭас иганы.

Кириллов иҳәеит алабораториақәа русура х-хырхарҭак рыла агәаҭарақәа шымҩаԥыргоз, ишәарҭоу аштаммқәа реизгара, абиологиатә бџьарқәа рагентцәа шҭырҵаауаз арегионқәа рыҟны анаҩс ауаа рахь ииазгашаз аҷыдарақәа агәаҭаразы. Иазгәеиҭеит аҭҵаарақәа рыҟны аԥыжәара шамаз ажәзҩа.

Кириллов иажәақәа рыла Пентагон анапаҵаҟа иҟаз алабораториақәа руак аҿы африкатәи аҳәамырза аштамм (АЧС) аус адыруылон.
Украина адагьы Еиду аштатқәа абиологиатә бџьар аус адыруылоит Қырҭтәыла, Лугаратәи ацентр аҿы. Кириллов иҳәеит арегион аҿы ахәаҷа-маҷа иаладырҵәо ачымазарақәа шырацәахаз. Уаанӡа урҭ аладатәи атәылақәа рҿы мацара акәын иахьуԥылоз. Конго-Ҟрымтәи ашыӡ акәзар Ставропольтәи атәылаҿацәи Ростовтәи аобласти рҿы ицәырҵит.
Сотрудник научного центра Функциональные микро/наносистемы - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Атәылахьчара аминистрраҟны ирҳәеит Украинатәи абиолабораториақәа Баиден иҷкәын ишидҳәалоу
Кириллов иазгәеиҭеит америкатәи арратә биологцәа Қырҭтәыла русура асоциалтә чымазарақәа, аимҳәаду ма СПИД иреиԥшу ишрызкымыз.
Аусбарҭа адыррала Урыстәылеи Китаии рҳәааҿы америкатәи алабораториақәа 60 аус руеит. Иааидкылан Пентагон 336 хыбра ахылаԥшра арҭоит 30 ҳәынҭқарра рҿы.
ЕАА анапаҵаҟа иҟоу абиолабораториақәа рҿы имҩаԥырго апрограммақәа рԥаразоужьра 5 миллиард доллар рҟынӡа ыҟоуп 2005 шықәса аахыс.
Ажәабжьқәа зегьы
0