Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Атәылахьчара аминистрраҟны ирҳәеит Украинатәи абиолабораториақәа Баиден иҷкәын ишидҳәалоу

© Sputnik / Алексей МайшевСотрудник научного центра "Функциональные микро/наносистемы"
Сотрудник научного центра Функциональные микро/наносистемы - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2022
Анапаҵаҩра
Аусбарҭа иҟанаҵаз аҳәамҭала, апроект анагӡаразы еилахәуп ЕАА жәларбжьаратәи аҿиара Амаҵзура, Сорос ифонд, ачымазарақәа ргәаҭареи рхылаԥшреи рзы Ацентр, Лос-Аламос иҟоу аиадертә бџьар ахьыҟарҵо Амилаҭтә лабораториа.
АҞӘА, хәажәкыра 24 – Sputnik. Америка ахада Џьо Баиден иҷкәын Хантер Баиден напхгара зиҭо аинвестициатә фонд Украина абиобџьар аус адызулоз апрограммақәа рырҿиаразы афинанстә цхыраара анаҭон ҳәа аанацҳауеит РИА Новости арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара рыр аиҳабы, аинрал­-леитенант Игорь Кириллов иажәақәа шьаҭас иганы.
"Еиду Америкатәи аштатқәа анапхгара ирзааигәоу ауаҩы алабораториақәа афинанстә цхыраара шриҭоз улаԥш иҵашәоит, хаҭала Хантер Баиден напхгара зиҭо аинвестициатә фонд Rosemont Seneca", - иҳәеит Кириллов.
Аинрал-леитенант иажәақәа рыла, Хантер Баиден ифонд афинанстә лшарақәа дууп, насгьы Пентагонтәи арратә анардадкылаҩцәа ирыдҳәалоуп, ус еиԥш иҟоу аилахәырақәа иреиуоуп Metabiota, иара Black and Veach инаваргыланы америкатәи арратә абиолабораториақәа амаругақәа рыла еиқәнаршәоит.
Атәылахьчара аминистрраҟны ирҳәеит, Еиду Америкатәи аштатқәеи урҭ рҩызцәеи Украинантәи ишалыргаз 16 нызқь абиохкқәа, иҟалоит урҭ иаадырԥшырц рҭахызар еиуеиԥшым аҵакырақәа рҟны иҿиарц зылшоз ачымазарақәа, иара убас ачымазарақәа зырҵысуаз ақәырԥшыгақәа. Еиҳарак хшыҩзышьҭра арҭон сибратәи аҵәыбзы аҿкы аларҵәашьа.
Сотрудник научного центра Функциональные микро/наносистемы - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла атәылахьчара Украина абиобџьар аус шадырулоз аазырԥшуа ашәҟәқәа акьыԥхьит
Кириллов иҳәеит абиохкқәа ақәырԥшыгақәа шыргоз Қарҭ иҟоу Лугара ацентр ахь, иара убас Британиа иҟоу ареференс-алабораториеи, Германиа иҟоу Леффлер аинституи рахь.
Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак иҳәеит, америкатәи аҟазацәа агәаҭара иахыжьмыз ахәшәқәа УАМ аруаа рҟны ишԥыршәоз, избан акәзар аиԥш зеиԥшу аԥышәарақәа рымҩаԥгара ЕАА рҵакыраҟны азин шыҟам, Пентагон егьырҭ аҳәынҭкаррақәа рҟны ауп иахьымҩаԥнаго.
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ииҳәахьан, Пентагон апроектқәа ишреиуаз Украина аҵакыраҟны абиолабораториақәа реиҿкаара, уи азы Урыстәыла изныкымкәа аҳәамҭа ҟанаҵахьан жәларбжьаратәи ауаажәларра ари иазхьаԥшразы.
Ажәабжьқәа зегьы
0