Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аԥшыхәҩцәа аԥкра-цәаҳәақәа ирхысит

© Foto / Пресс-служба ЮВО Абхазии Разведчики ЮВО в Абхазии преодолели усовершенствованную специальную полосу препятствий
Разведчики ЮВО в Абхазии преодолели усовершенствованную специальную полосу препятствий - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.04.2022
Анапаҵаҩра
Ауснагӡатә иалахәын 60 ак арратә техника, акәылӡмашьынақәа БТР-82АМи аԥшыхәратә кәылӡмашьынақәа "Дозори" назлоу.
АҞӘА, мшаԥы 8 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә база аԥшыхәҩцәа ирҿыцу аԥкра-цәаҳәақәа "Аԥшыхәҩ ицәаҳәа" ирхысит ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан алагертә еизара аҳәаақәа ирҭагӡаны ашьхаратәи амшынԥшаҳәатәи ҭыԥқәа рҿы.

Ацагамҩа километрак еиҳаны ишьақәыргылан, 23 ԥынгыла рыла еиҿкаан.

Аԥкра-цәаҳәақәа рӷәӷәан алашара, абжьы, артҟәацра, апиротехникатә хархәагақәа рыла. Урҭ ирыбзоураны аҽазыҟаҵарақәа ирылшеит аҭагылазаашьа ииашаҵәҟьаны имҩаԥысуазшәа амҩаԥгара.
Аԥшыхәҩцәа алҩа зқәыз аҭыԥ, аӡиас, адгьыл аҵатә коммуникациақәа ирхысит, ахраҿҟьара ихалеит иара убасгьы аскалодром рхы иадырхәеит.
Иара убасгьы аԥшыхәцәа аԥышәарақәа рҭиит анапышьашәалатәи ақәԥараз, ҳаамҭазтәи аԥшыхәратә комплексқәа рхархәашьаз, аԥшыхәреи аимадареи "Стрелец" рнапхгараҟаҵараз, аус рыдыруылеит 40 рҟынӡа аӷа икоммуникациақәа ааха рыҭаразы.
Российские разведчики ЮВО в горах Абхазии прошли одномесячный курс по выполнению учебно-боевых задач в составе подразделений - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2022
Аԥсны
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аԥшыхәцәа "аӷа" акәылӡтәы машьынақәа рыла ишьҭахь ала ижәлеит
Ажәабжьқәа зегьы
0