https://sputnik-abkhazia.info/20220408/asnyeikhama-ashys-naana-iau-auala-ashoit-1038554331.html
"Аԥсныеихамҩа" ашықәс нҵәаанӡа иақәу ауалқәа ашәоит
"Аԥсныеихамҩа" ашықәс нҵәаанӡа иақәу ауалқәа ашәоит
Sputnik Аҧсны
Ареспубликатә унитартә наплакы "Аԥсныеихамҩа" ԥшьмиллионк инареиҳаны ауал ақәуп ҳәа адырра ҟанаҵеит Аӡбарҭа анагӡаҩцәа рмаҵзура мшаԥы 6 азы. Sputnik аредакциа... 08.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-08T14:17+0300
2022-04-08T14:17+0300
2022-04-08T14:17+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/0a/1033182479_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_1a59bdc3a4be6ad7512f661137c8ca5d.jpg
АҞӘА, мшаԥы 8 – Sputnik. Ареспубликатә унитартә наплакы "Аԥсныеихамҩа" 2022 шықәса нҵәаанӡа ашәахтә уал иақәу ашәара агәҭакуп, АУН ауалшәара мап ацәкра агәы иҭаӡамызт ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит аусбарҭаҿы.Ареспубликатә унитартә наплакы "Аԥсныеихамҩа" 310 000 мааҭ адыршәеит ҳәа аанацҳаит Аӡбарҭа анагӡаҩцәа рмаҵзура ахашаҽны. Убри аан иазгәаҭан иааидкыланы "Аԥсныеихамҩа" иақәу ашәахтә уал 4 002 975 мааҭ ыҟоуп ҳәа.2021 шықәсазы ишьақәыргылан ашәарақәа раамҭеихша. Уи Ашәахтәқәеи аизгқәеи рзы аминистрра ақәшаҳаҭуп.Анаплакы аҿы иазгәарҭеит абиуџьет аҿаԥхьа уаҳа уал шақәым.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/0a/1033182479_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_61baf07b71c40deaa19f0c0c7fd37b84.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
"Аԥсныеихамҩа" ашықәс нҵәаанӡа иақәу ауалқәа ашәоит
Ареспубликатә унитартә наплакы "Аԥсныеихамҩа" ԥшьмиллионк инареиҳаны ауал ақәуп ҳәа адырра ҟанаҵеит Аӡбарҭа анагӡаҩцәа рмаҵзура мшаԥы 6 азы. Sputnik аредакциа анаплакы ари зыхҟьаз ахҳәаа арҭарц иаҳәеит
АҞӘА, мшаԥы 8 – Sputnik. Ареспубликатә унитартә наплакы "Аԥсныеихамҩа" 2022 шықәса нҵәаанӡа ашәахтә уал иақәу ашәара агәҭакуп, АУН ауалшәара мап ацәкра агәы иҭаӡамызт ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит аусбарҭаҿы.
Ареспубликатә унитартә наплакы "Аԥсныеихамҩа" 310 000 мааҭ адыршәеит ҳәа аанацҳаит Аӡбарҭа анагӡаҩцәа рмаҵзура ахашаҽны. Убри аан иазгәаҭан иааидкыланы "Аԥсныеихамҩа" иақәу ашәахтә уал 4 002 975 мааҭ ыҟоуп ҳәа.
"Ари ашәахтәуал 2020 шықәсазы еизеит. Иахьазы азеиԥш уал 3 532 348 мааҭ ыҟоуп. Арантәи ахашәалахәытә– 2 638 304 мааҭ, адгьыл азы ашәахтә – 219 373 мааҭ, апени – 674 671 мааҭ", - рҳәеит аусбарҭаҿы.
2021 шықәсазы ишьақәыргылан ашәарақәа раамҭеихша. Уи Ашәахтәқәеи аизгқәеи рзы аминистрра ақәшаҳаҭуп.
Анаплакы аҿы иазгәарҭеит абиуџьет аҿаԥхьа уаҳа уал шақәым.