Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Амцахара" ААР иҳәынҭқарратәым аҳәаанырцәтә еиҿкаарақәа русура хылаԥшра ахьанаҭо иазыразуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМитинг сторонников оппозиционной политической партии "Амцахара"
Митинг сторонников оппозиционной политической партии Амцахара   - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.04.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - атәылеи аҳәаанырцәтә ҳәынҭқаррақәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи реизыҟазаашьақәа ҳәаақәызҵо усбарҭа хадоуп. Аԥсны иахьаҵанакуа иҳәынҭқарратәым аҳәаанырцәтә еиҿкаарақәа рыпроектқәеи рыпрограммақәеи ААР азыразханы имҩаԥыргалароуп.
АҞӘА, мшаԥы 9 - Sputnik. Аполитикатә партиа "Амцахара" Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҳәынҭқарратәым аҳәаанырцәтә еиҿкаарақәа ҳтәылаҿы русура хылаԥшра ахьанаҭо иазыразуп.
Абри азы апартиа аҳәамҭа ҟанаҵеит асабша мшаԥы 9 рзы.
"Агәраганы ҳаҟоуп жәларбжьаратәи ахаҭарнакрақәеи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи аполитикатә зкызаара рымамзар шакәу. Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы урҭ русура Қырҭтәыла аҿиара апрограммақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны рыпроектқәа нарыгӡалар ҟалаӡом. Ус ҟазҵо ыҟазар, Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара ааха арҭоит ҳәа ҳаԥхьаӡоит", - рҳәеит "Амцахара".
Апартиа адгылоит жәларбжьаратәи ахаҭарнакрақәеи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи русура иаартны, Аԥсны асуверенитет пату ақәҵаны имҩаԥыргалар.
Иацы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра амедиацентр аҿы аминистр Инал Арӡынба иҳәынҭқарратәым аҳәаанырцәтә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа дырԥылеит. Аиԥылара еихшьало, Арӡынба даҽа зныкгьы иргәалаиршәеит урҭ Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа русура гуманитартә мацаразар шакәу, иагьаҵишьит иаарту адиалог аҩганк рзыҳәа алҵшәа шамоу.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи иҳәынҭқарратәым аҳәаанырцәтә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи реиԥылараҟынтәи авидеонҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра>>
Ажәабжьқәа зегьы
0