Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Тҟәарчал 80 шықәса ахыҵра амш ақалақьуаа ирыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания на пресс-конференции
Аслан Бжания на пресс-конференции - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.04.2022
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал Аԥсны индустриалтә центрк аҳасабала еиҿкаан мшаԥы 9 1942 шықәсазы.
АҞӘА, мшаԥы 9 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Тҟәарчал 80 шықәса ахыҵра амш ақалақьуаа ирыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал аиубилеи - Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа зегьы рзы иҭоурыхтә хҭысуп, ныҳәамшуп ҳәа.
"Иҳаҩсыз ашәышықәса 40-тәи ашықәсқәа рзы ишьақәыргылаз, ашьхақәа ршьапаҿы ишьҭоу ақалақь ԥшӡа аамҭа кьаҿк иалагӡаны ааглыхратә центр дуны иҟалеит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы, 1992-1993 шш. рзы, Тҟәарчалаа иаадырԥшыз агәаӷьреи афырхаҵареи ҳаҭыр дула иазнеитәуп. Амацәаз иҭакыз ақалақь мрагыларатәи ақыҭақәа рҟынтә зықьҩыла ахҵәацәа рзы ирызгәакьоу ҩындуны иҟалеит", - иҳәеит Аԥсны ахада.
Аслан Бжьаниа инаҵишьит иахьа ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал, имаҷымкәа ауадаҩрақәа ирҭагылазаргьы, аҳәынҭқарра иалшо зегьы шыҟанаҵо аекономикатә потенциал аиҭашьақәыргыларазы, жәытәаахыс иамоу ахьӡ-аԥша аизырҳаразы, иагьазгәеиҭеит Тҟәарчал ишынхо зықалақь гәакьеи зыԥсадгьыли бзиа избо ауаа гәыразқәа.
Иара тҟәарчалаа ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аманшәалара, аихьӡарақәа.
"Ишәҭлааит, икакаҷлааит Тҟәарчал!" - ҳәа ихиркәшоит Аслан Бжьаниа адныҳәалара.
Тҟәарчал Аԥсны индустриалтә центрк аҳасабала еиҿкаан мшаԥы 9 1942 шықәсазы. Ақалақь иуникалтәу ҭыԥуп, иаакәыршаны ашьхақәа шьҭоуп, мҩа хадас иҟоу акоуп - ақалақь алаларҭеи алҵырҭеи. Тҟәарчал архитектурагьы аинтерес аҵоуп. Административтәи ауаажәларратәи ргыларақәа рыпроектқәа ҟазҵоз анемец архитекторцәеи анџьнырцәеи ракәын. Убри азоуп ари ақалақь егьырҭ Асовет еидгыла ақалақьқәа изреиԥшым.
1992-1993 шықәсқәа рзы ақалақь иахнагеит 413 мшы ицоз аблокада хьанҭа. Аблокадеи ақырҭуа ар иаларыжьуаз арҭҟәацрақәеи ирыхҟьаны иҭахеит, аахақәа роуит шәҩыла аҭынч уааԥсыра.
Цәыббрамза 27, 2008 шықәсазы Аԥсны ахада Сергеи Багаԥшь инапы зҵаиҩыз ақәҵарала Тҟәарчал "Ақалақь–фырхаҵа" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ахҵоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0