Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҳҭоурыхтә ҵабырг аиқәырхаразы: Аҟәа имҩаԥысит архивтә нҵамҭақәа реизга аӡыргара

© Sputnik / Леон Адлейба Презентация книги по истории Абхазии
Презентация книги по истории Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.04.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 9 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. XIX ашәышықәсеи XX ашәышықәса алагамҭеи ирыҵаркуа Аԥсны аҭоурых иадҳәалоу адокументқәа реиқәыԥхьаӡа зну аизга аӡыргара мҩаԥысит Sputnik апресс-центр аҟны мшаԥы 8 рзы.
Уи еиқәдыршәеит Жәларбжьаратәи аҿартә ҭоурыхтә форум алахәылацәа, иара иабзоураны еиҭашьақәыргылоуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалаӡыз аԥсуаа ҳҭоурых атәы зҳәоз ажәытәтәи архивтә документқәа рыхәҭак.
Ашәҟәы аӡыргара иалахәын уи аиҿкааҩцәа Милана Бжьаниаԥҳа, Мальвина Аргәынԥҳа, аҵарауаа, аҭоурыхҭҵааҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа. Аӡыргараҿ аиҿкааҩцәа азааҭгылеит ашәҟәы аиқәыршәара аҭоурых.
© Sputnik / Леон Адлейба Презентация книги по истории Абхазии
Презентация книги по истории Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.04.2022
Милана Бжьаниаԥҳа лажәақәа рыла, жәларбжьаратәи аҿартә-ҭоурыхтә форум аԥҵан 2016 шықәсазы, ААУ иахыԥхьаӡаланы, Аԥсны Апарламент адгыларала. Уи ашықәсазы афорум иаҭааит Урыстәылеи Аԥсни рҵарауаа. 2019 шықәсазы афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны еиқәыршәан Аԥсны аҭоурыхи атуризми ртәы зҳәо аҭҵаамҭақәа реидкыла. Урҭ архивтә документқәа реизгақәа шьҭоуп Аԥсни Урыстәылеи рбиблиотекақәа рҿы.
"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсуа жәлар ҳҭоурых зырҵабыргуа здаҟам архивтә ҭҵаамҭақәа ццышәыртәит. Ари аҭоурыхтә шәҟәы еиқәҳаршәеит Петербургтәи архивтә материалқәа знапы рылаку ҳколлегацәеи ҳареи ҳаицхыраарала. Ҳҿахәы зҳәо аҭҵаамҭақәа реиқәырхара, реиҭашьақәыргылара ҳхықәкы хадақәа ируакуп", - ҳәа азгәалҭеит Бжьаниаԥҳа.
© Sputnik / Леон Адлейба Презентация книги по истории Абхазии
Презентация книги по истории Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.04.2022
Архивтә ҭҵаамҭақәа реиқәыршәаҩ Мальвина Аргәынԥҳа лгәаанагарала, ас еиԥш иҟоу аҭҵаамҭақәа реиҭашьақәыргылара цхыраагӡа дуӡӡоуп XIX ашәышықәсеи XX ашәышықәса алагамҭеи ирыҵаркуа Аԥсны аҭоурых ҭызҵаауа аҵарауаа рыҭҵаарадырратә ус аҟны.
"Ас еиԥш иҟоу аҭҵаамҭақәа иҳарҭоит алшара ган рацәала Аԥсны аҭоурых аҭҵаара. Уаҟа иаарԥшуп ақалақьқәа рхаҿра атәы зҳәо анҵамҭақәа, азеиԥш арҵаратә хыбрақәа, Аԥсны ақьырсианра аларҵәара аҭоурых, убас аџьаамақәа рыргылара аус", - ҳәа лҳәеит лара.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба инаҵшьны иазгәеиҭеит ҳаԥсуа ҭоурыхҭҵааҩцәа иаԥырҵаз русумҭақәа ԥсра-ӡра рықәымкәан ишаанхо, иҭабуп ҳәа реиҳәеит уи аиҿкааҩцәеи, аӡыргара амҩаԥгара еиҿызкааз аинформациатә хеилак Sputnik Аԥсни.
© Sputnik / Леон Адлейба Презентация книги по истории Абхазии
Презентация книги по истории Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.04.2022
Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба аҭоурыхтә шәҟәы аиқәыршәаҩцәа рахь ихы нарханы иҳәеит рнапы злаку аус шымариам, уи акыр шаҵанакуа ижәытәӡатәиу ҳҭоурых аҵабырг атәым милаҭқәа рызнагараҟны.

"Аҭоурыхтә баҟақәа шьаҭанкыла рықәхра аҵакы зегьы иаҳдыруеит. Ҳаӷацәа ҭоурыхда ҳааныжьра ауп хықәкыс ирымаз, аха иахьа ҳархыҽхәоит уи аиҭашьақәыргылара амҩа азылызхыз аҵарауаа ҿарацәа. Шәус ҭахԥхықәрала шәазнеит, ишәыдысныҳәалоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Акультуреи аҭҵаарадырреи рзы Аԥсны Ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа иқәгылараҟны иазгәеиҭеит ижәытәӡатәиу архивтә документқәа реиҭашьақәыргылара Аҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ишацхраауа.
"Ҳара иаҳдыруазароуп ҳаԥсуа ҭоурых ԥсра шақәым, уи зыршаҳаҭуа аҭоурыхтә фактқәа ҳнапаҿы иҟанаҵ. Иахьа ҳгәы шьҭнахратә иҟоуп аԥсуа ҵарауаа ҿарацәа уи аус рнапы ахьалаку", - ҳәа иҳәеит иара.
Презентация книги Перечень документов по истории Абхазии XIX - начала XX вв. по фондам Российского государственного исторического архива - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.12.2021
Аԥсны
Москва иҭыҵит Аԥсны аҭоурых азы архивтә материалқәа реизга
Ашәҟәы аӡыргара иалахәызаҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба инаҵшьны иазгәеиҭеит аԥсадгьыл аҭоурых ззымдыруа ауаа амилаҭтә хдыррагьы шырцәыӡуа. Убри ҟамларц азы аҭоурых ауаа ииашаны, игәныркыларатәы ишрыларҵәалатәу.
Ажәабжьқәа зегьы
0