Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ААР аҿы иҟоу Ауаажәларратә хеилак аилатәара мҩаԥгахоит лаҵарамзазы

© Sputnik / Томас Тхайцук Медиацентр МИД Абхазии
Медиацентр МИД Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ААР аҿы иҟоу Ауаажәларратә хеилак аилатәара мҩаԥгахоит аминистрра амедиацентр аҿы.
АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иҟоу Ауаажәларратә хеилак аилатәара мҩаԥгахоит 2022 шықәса лаҵарамзазы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Уажәы Ахеилак аилазаара шьақәдыргылоит, аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит.
Ахеилак иалахәхоит адәныҟа политикатә експертцәа, аҳәынҭқарратә усзуҩцәа, 1992-1993 шықәсазтәи Аџьынџьтәылатә еибашьар алахәылацәа, жәларбжьаратәи ажурналистцәа.

"Аԥсны жәлар аӡәк иеиԥш ихьыԥшым Аԥсны аҳәынҭқарра аргылареи арӷәӷәареи рҭахны жәларбжьаратәи аренаҟны аинтересқәа цәырыргоит. Аҳәынҭқарра адәныҟаполитикатә хырхарҭа ажәлар еиднакыло иҟазароуп", - аҳәоит Аԥсны ААР аҳәамҭа.

Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит адәныҟаполитикатә хырхарҭа астратегиеи атактикеи аус рыдуыларазы ауаажәларратә еилацәажәарақәа хра рыманы ишыҟоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0