Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы иԥсҭазаара далҵит COVID -19 зыхьуаз ахаҵа

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2022
Анапаҵаҩра
Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 53 574-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 51 850-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 682-ы.
АҞӘА, мшаԥы 11- Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны ауааԥсыра COVID -19 азы атестқәа арҭеит 106-ҩык, урҭ рахьтә 6-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы иԥсҭазаара далҵит акоронавирус сцәа иалаз 80 шықәса зхыҵуаз ахаҵа.

Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 10-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 4-ҩык, ибжьаратәуп 6-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу хҩык, урҭ рахьтә аӡәы иҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит хҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - аӡәы, Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы хҩык ачымазцәа шьҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0