Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

Аԥсны Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара ахантәаҩы ихаҭыԥуаа алхуп

© Sputnik Парламент Абхазии
Парламент Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара ахантәаҩыс далхуп Лаша Ашәба.
АҞӘА, мшаԥы 12- Sputnik. Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара раԥхьатәи реилатәараҿ ахантәаҩы ихаҭыԥуаа алхуп: Ашоҭ Миносиан (21-ы рыбжьы ирҭеит), Асҭамыр Аршба (33-ҩык рыбжьы ирҭеит), Фазлыбеи Аҩӡба (33-ҩык рыбжьы ирҭеит).

Апарламент ахада ихаҭыԥуаас ркандидатурақәа ықәгылан Ашоҭ Миносиан, Асҭамыр Аршба, Фазлыбеи Аҩӡба, Галуст Трапизониан.

Аԥсны Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара ахантәаҩыс еицҿакрыла далхуп Лаша Ашәба.
Ҿыц иалху адепутатцәа раԥхьатәи реилатәара иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла анапхгара, Аминистрцәа реилазаара рхаҭарнакцәа. Уахь инаԥхьан Аԥсны апрокурор хада, аӡбаҩцәа, араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа, Аԥсны абыргцәа рхеилак алахәылацәа, иара убас ааԥхьара змаз Аҳәынҭдума адепутат Константин Затулин.
Лаша Ашуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аԥсны Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара ахантәаҩы далхуп
Аилатәара аартын аҳәынҭқарратә гимн арҳәарала, уи ашьҭахь ажәа иҭан Аслан Бжьаниа.
Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьарахь иалху адепутатцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп уаанӡатәи ааԥхьараҿы депутатцәас иҟаз быжьҩык - Лаша Ашәба, Ҭемыр Беииа, Асҭамыр Аршба, Алхас Ҳагба, Левон Галустиан, Ашот Миносиан, Венори Бебиа.
Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара раԥхьатәи реилатәара иалахәын 33-ҩык адепутатцәа. Алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба - №8 (Алашарбагатәи) №18 (Гәдоуҭатәи) рҟны аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит.
Встреча главы МИД РФ С. Лаврова и президента Абхазии А. Бжании - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Бжьаниа Аԥсны Апарламент афбатәи ааԥхьара адепутатцәа русураз ҭабуп ҳәа реиҳәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0